Телеграммы

09.04.2022

Аслан Бжьаниа тҟәарчалаа ақалақь-фырхаҵа 80 ш. ахыҵра амш рыдиныҳәалеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал аиубилеи азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

"Ҳаҭыр зқәу Тҟәарчалаа!

Ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал аиубилеи - Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы рзы иҭоурыхтә хҭысуп, ныҳәамшуп. Иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы  ишьақәыргылаз, ашьхақәа ршьапаҿы ишьҭоу  ақалақь ҧшӡа аамҭа кьаҿк иалагӡаны ааглыхратә центр дуны иҟалеит.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз 1992-1993ш.ш. рзы, тҟәарчалаа иаадырҧшыз агәаӷьреи афырхаҵареи ҳаҭыр дула иазнеитәуп. Амацәаз иҭакыз ақалақь Мрагыларатәи ақыҭақәа рҟынтә зықьҩыла ахҵәацәа ирызгәакьоу ҩын дуны иҟалеит.

Иахьа, ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирҭагылазаргьы, аҳәынҭқарра  иалшо зегьы ҟанаҵоит аекономикатә лшара аиҭашьақәыргыларазы, жәытәаахыс иамоу  ахьӡ-аҧша аизырҳаразы. Тҟәарчал инхоит зықалакь гәакьеи зыҧсадгьыли  бзиа избо  ауаа гәыразқәа.

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар, гәык-ҧсык ала ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аманшәалара, шәнапы злашәкуа шәусқәа зегьы рыҟны аихьӡарақәа. Ишәҭлааит,  икакаҷлааит - Тҟәарчал!".

Аҧсны  Ахада
А. БЖЬАНИА

Возврат к списку