Президент Республики Абхазия

 

Выступления и интервью Президента

18.12.2017

Выступление Президента на конференции, посвященной 100-летию Абхазского государственного музея

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! 

Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аира, ашьақәгылара амҩа– ҳажәлари ҳаҧсадгьыли рыҿиарамҩа аазырҧшуа инарҭбаау ҭоурыхуп. Араҟа иҵәахәуп акыр шықәса ҳҵарауаа, ҳмузеитә усзуҩцәа зыхӡыӡааны, игәцаракны еидыркылоз, зеиуахкы маҷу аматериалқәа. Шәышықәса рыҩныҵҟа ҳмузеи иалшаз рацәоуп ҳҭоурыхи, ҳетнографиеи, ҳтәылаҿацәҭҵаареи рзы ихадараз азҵаарақәа инарҵауланы рыҭҵаараҿы. “Труды” ҳәа амузеи иҭнажьуаз аизгақәа аашьҭыхны ҳнарыхәаҧшыргьы, еилыхха иаабоит шаҟа имариамыз, ҳҵарауаа рнапы злакыз хкы рацәала еилаз анаукатә проблемақәа. 

Џьоукы –џьоукы исубиективтәу агәаанагара рымоуп, амузеиқәа раамҭа цеит, иуҭаху зегьы аинтернет аҿы иуҧшаауеит ҳәа. Уи зынӡаск аиаша иацәыхароуп, избанзар амузеиқәа рҿы иҵәахәуп, насгьы лабҿаба иубоит шәышықәсала еиқәырханы иааргаз аекспонатқәа. Урҭ ҳрызхьадырҧшуеит амилаҭ рҭоурыхтә гәалашәаразы шьардаӡа зҵазкуа ахҭысқәа, афактқәа. Убри аҟнытә, ҧсра зқәым амузеитә маҭәарқәа рсоциалтә функциақәа иаҳагьы иҕәҕәахоит ҳазҭагылоу аамҭазы. Амузеитә маҭәар лыҧшаахқәа еидырҳәалоит еиуеиҧшым аамҭақәа, ахҭысқәа, алшара ҳарҭоит урҭреиҿырҧшрала ииашоу алкаақәа рыҟаҵаразы. Ҳәарас иаҭахузеи, ҳара ҳмилаҭтә ҳәынҭқарратә музеигьы иалшахьоу даара ирацәоуп аҿар рҭоурыхтә хдырра арҿиара аганахьала. Иара убас Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи амчхареи анырреи ҕәҕәоуп ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи знысыз шәышықәсалатәи аҿиарамҩа иазку аинформациа ҳтәыла иаҭаауа ауааҧсыра, асасцәа, аҧсшьаҩцәа рыларҵәараҿы. Зеижәтәи ашәышықәсазы аҭоурыхи аҧсабареи рыбзиабаҩцәа раҧшьгарала Аҧсны ихацыркын амузеи аҧҵаразы аусура. Рыцҳарас иҟалаз, акакала еидкылаз анумизматикатәи, аетнографиатәи, археологиатәи ҧшаахқәа усҟантәи аибашьратә ҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны ибжьаӡит. Зқьи жәшәи жәохә шықәсазы аинтеллигенциа рымчала ҩаҧхьа напы аркын ари аус, 1917 шықәсазы ҿыц амузеи аартын. 

Ҳмилаҭтә музеи ашьақәгылараҿы иҟамызт ҭынч- аамҭак. Ақырҭуа меншевикцәа рхаан аекспонатқәа рҕьырак еимҵәаны, Қырҭтәылаҟа идәықәырҵоит. Аха “Аҧсуа наукатә хеидкыла” иабзоураны, атәылаҿацәҭҵааратә усура ҩаҧхьа иацҵахоит, насгьы 1924 шықәсазы еиҭашьақәыргылахоит аҳәынҭқарратә музеи. 

Шәахәаҧш, шаҟа имариамыз, ихьанҭоу Аҧсуа музеи знысыз амҩа! Аҵыхәтәантәи ақырҭуа-аҧсуа еибашьрагьы ааха ҕәҕәа рынаҭеит ҳмузеи афондқәа. Ақырҭуа мпыҵахаларатә архәҭақәеи, авандалцәеи иргеит иаарымҧыхьашәаз иуникалтәу амаҭәарқәа. Аха амузеи аусзуҩцәа, анапхгаҩцәа ирулак, иага аџьа рбазаргьы, рхатә ҧсҭазаара ашәарҭа ишҭагылазгьы, еиқәдырхеит зыда ҧсыхәа ыҟамыз аекспонатқәа, аҵәахырҭатә фондқәа. Убри иабзоураны, иахьа иҳамоуп ҳҭоурыхи, ҳкультуреи рӡыргара алзыршо ацәыргақәҵақәа. 

Аҵак ду амоуп ҳәагьы исыҧхьаӡоит еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Аҧсны закәандарыла иалганы игаз хра злоу аҭоурыхтә материалқәа рырхынҳәра иазку аусура ацҵара, арҕәҕәара. 

Ишьақәыргылоуп амузеи ахыбра, рзанааҭ пату ақәҵаны аус шыруц ируеит аҧышәа ду змоу амузеи аколлектив аусзуҩцәа. Араҟа имҩаҧысуеит анаукатә конференциақәа, аиҧыларақәа, аекспедициақәа. 

Ҳара ибзианы иаадыруеит амилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи иаанакылаз ароль. 1978 ш. азы амузеи анапхгара лахь рырҭон, апартиа иалырцон, аха аколлектив изаҟаразаалакь рпозициа рмыҧсахит, рыжәлари рыҧсадгьыли ринтересқәа рыхьчон принципла, хьаҵракҟамҵакәа. 

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амузеи аусзуҩцәа аӡәымкәа-ҩыџьамкәа абџьар аанкыланы, рыҧсадгьыл рыхьчон. Иҟоуп агәымшәара аазырҧшыз, иҭахаз, зџьынџь зхы ақәызҵаз! Ҳхырхәоит урҭ ргәалашәара аҿаҧхьа! Аҳәынҭқарратә музеи шәышықәса ахыҵра - ари ҳажәлар зегьы ирзеиҧшу ныҳәамшуп! Убри аҟнытә амузеи аколлективгьы, ҳажәларгьы гәык-ҧсыкала ирыдысныҳәалоит ари ахҭыс ду! Ишәзеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, аманшәалара, аихьӡара ҿыцқәа! Амузеиқәа рыгәцаракреи рыхьчареи Аҧсны аҳәынҭқарра ахырхарҭа хадақәа ишыруаку иаанхоит!

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Администрация Президента Республики Абхазия, г. Сухум, Набережная Махаджиров, 32, тел.: +7 840 226 46 31, факс: +7 840 226 46 31
почта: info@presidentofabkhazia.org