Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Азеиҧш информациа

Аҧсны Аҳәынҭқарра (Аҧсны) – ажәлар ахатәҳәаақәҵаразы ирымоу азин инақәыршәаны, ҭоурыхла ишьақәгылаз ихьыҧшым, демократиатә, зинтә ҳәынҭқарроуп. Ахьыӡқәа «Аҧсны» «Аҧсны Аҳәынҭқарра» ҵакыла акоуп, иеиҟароуп. Азеиҧш дгьылҵакыра – 8,7 нызқь ҧшь.км. ыҟоуп. Бжьаратәла аҩадантә алада 54 км, мраҭашәарантә мрагыларанӡа – 160 км ыҟоуп . Амшын ҿықә ацәаҳәа 214 км. инаӡоит. Ашьхара Аҧсны адгьылҵакыраҟны 64 % ааныркылоит, 57 % бнала ихҟьоуп (аџь, ашә, ахьаца, ахьа, аҧса, ). Аҳауа цәаакуп субтропикатәуп, ажьырныҳәазы бжьаратәла аҳауа аҧхарра аҧшаҳәаҿы +4 +7 С, ашьхараҿы +2 инаркны -2 С рҟынӡа ҟалоит, ҧхынгәазы +22 +24С рҟынӡа иҧхаррахоит. Ашықәс аҩныҵҟа 1300-2400 мм. алышәшәақәа леиуеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 1994 шықәса абҵара 26 рзы Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааҧхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи бжьыҭирала иақәшаҳаҭхеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларызегьтәи бжьыҭирала (ареферендум) аан ирыдыркылаз аҧсахрақәа алагаланы.

Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп аҧсуа бызшәа, аурыс бызшәа, аҧсуа бызшәа инаваргыланы, аҳәынҭқарратәи егьырҭ иеиуеиҧшым аусбарҭақәеи рыҟны ахархәара амоуп.


Аҧсны Ахада дызхагылоу ҳәынҭқарроуп.

Аҳәынҭқарра Ахада далххоит хәышықәса ҳәа. Ҳазҭагылоу аамҭазы Аҧсны Ахадас дыҟоуп Ҳаџьымба Рауль Џьумка-иҧа.

Азакәанҧҵаратә мчра Аҧсны Жәлар Реизара иамадоуп.
Аҧсны Анагӡаратә мчра Аҧсны Ахада дызхагылоу Аиҳабыра ирымадоуп. Атәыла зегьы аҿы анагӡаратә усмҩаҧгатәқәа хылаҧшра рыҭаразы Аҧсны Ахада Аҧсны Аминистрцәа реилазаара напхгара азиуеит. Аминистрцәа реилазаара шьақәиргылоит Аҧсны Ахада, уи иара инапаҵаҟагьы иҟоуп. Аминистрцәа реилазаара иалахәуп Аҧыза-министр, Аҧыза ихаҭыҧуаҩцәа, аминистрцәа, егьырҭ амаҵурауаа.

Ауааҧсыра рхыҧхьаӡара – зынӡа 242 756-ҩык, урҭ рахьтә 122 309-ҩык ақалақь уааи 120 447-ҩык ақыҭауааи ыҟоуп.

Аҧсны ахархәара амоуп аурыс мааҭ.

Аҧсны административтә-адгьылҵакыратә еихшара

Аҧсны Кавказ аҩада-мраҭашәаратәи аганаҿы ишьҭоуп. Аҩада-мраҭашәарахь ала (аӡиас Ҧсоу ала) Урыстәылатәи Афедерациа Краснодартәи атәылаҿацә иадуп, алада-мрагыларахь ала (аӡиас Егры ала) Қырҭтәыла иадуп. Аҩадахьала Урыстәыла иалоу Ҟарачы-Черқестәи Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликақәа ирыдуп. Аладахьала Амшын еиқәа аҿыкәыршоуп.

Аҧсны шьақәгылоуп араионқәеи (Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Гәылрыҧшьтәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи) ақалақьқәеи (Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал) зҵазкуа аҭоурыхтә дгьылқәа Саӡны, Бзыҧын, Гәма, Дал-Ҵабал, Абжьыуа, Самырзаҟан рыла. Аҳәынҭқарраҿы иҟоу амшынбаҕәазақәа хпа: Аҟәатәи, Очамчыратәи, Пицундатәи. 

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org