Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Акультура

Абызшәазы

Аҧсуа бызшәа адунеи аҿы ижәытәӡоу аҧсуа-адыга бызшәатә гәыҧқәа ирыҵаркуа абызшәақәа ируакуп. Уи хазы аҿиара иалагеит аҧсуа-адыга бызшәақәа ргәыҧ анеилыҵ инаркны. Аҧсуа-адыга бызшәақәа ргәыҧ иалоу абызшәақәа хаз-хазы аҿиара талагеит 5000 шықәса раҧхьа, убасҟан иагьышьақәгылеит аҧсуа, адыга, аубых бызшәатә ҭаацәарақәа. Абасала аҧсуа бызшәа иазааигәоу бызшәақәоуп абаза бызшәа, адыга бызшәа (ачерқес б.) аубых (иахьа ииааӡаахьоу) бызшәа. Аҧсуа бызшәа ахархәара амоуп еиҳарак Аҧсни аҧсуаа рацәаны (амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа) иахьынхо Ҭырқәтәылеи, иара убас Ааигәа Мрагылара атәылақәа (Иорданиа, Шьамтәыла, Ирак), Урыстәыла. Ишьақәгылоуп ҩ-диалектк рыла: абжьыуатәи абзыҧтәи. Егьырҭ адиалектқәа ирылацәажәоз реиҳараҩык Ҭырқәтәылаҟа иахган:

- ҧсҳәытәи – ари иахьагьы иалацәажәоит Ҭырқәтәыла агәҭаны ишьҭоу ақыҭақәа рыҟны;

- дал-ҵабалтәи (Кәыдры аӡ. агәи ахыхьи) - иахьагьы иалацәажәоит Ҭырқәтәыла аҕәы инацәыхараны мраҭашәараҿы ишьҭоу Билеџьик, Бурса, Есқьишьеҳир ақыҭақәа рыҟны.

- асаӡтә (мраҭашәара-аҧсуа) цәажәашьа. Ари адиалект иалацәажәо рызегьы Ҭырқәтәылаҟа иахган, қыҭақәак рыҟны иагьеиқәхеит.

Аҧсуа литературатә бызшәа шьаҭас иамоуп абжьыуатәи адиалект. Абжьыуатәи аҩыра шьақәгылеит кириллица шьаҭас иаҭаны. Аурыс графика шьаҭас иаҭаны раҧхьатәи аҧсуа алфавит еиқәиршәеит аурыс бызшәадырҩы П. К. Услар1862 ш. Аҧсуаа аҩыра шрымаз атәы шаҳаҭра азыруеит ажәақәа «аҩра» «аҧхьара» «аҵәаҕәара» «анапаҵаҩра» «ашәҟәы»уҳәа уб.егь. Иеиқәыҧхьаӡоу ажәақәа абаза бызшәаҟынгьы иахьуҧыло урҭ шжәытәӡатәиқәоу шьақәдырҕәҕәоит. Арҭ аиқәшәарақәа ирҳәоит иаагоу ажәақәа ажәытәӡатәи аҧсуа бызшәа ишалаз атәы абаза бызшәа алҵаанӡа.

Раҧхьаӡатәи аҧсуа буквар ҭыжьын 1865 ш.

1892 ш. иҭыҵит Д. И. Гәлиеи К. Д. Маҷавариании иеиқәдыршәаз ирҿыцу, ириашоу «Аҧсуа нбан».

1926 ш. (или 1928 ?) аҩыра алатынтә графикахь ииаган.

1938 ш. — ақырҭуа графикахь, 1954 ш. — еиҭа акириллицахь.

Аҧсуа бызшәаҿы иҟоуп абжьыҟақәа 6, ацыбжьыҟатә фонемқәа рацәаны: алитературатә бызшәаҿы — 58, абжьыуатәи адиалект аҟны – 60, бзыбтәи адиалект аҟны – 67.

1994 шықәса инаркны аҧсуа бызшәа Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәоуп.

2007 ш. ирыдыркылеит «Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәазы» азакәан.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи

XIX ашә. 60-әтәи ашықәсқәа рылагамҭазы Аҧсны аҭоурыхи аҧсабареи абзиабаҩцәа иаҧшьыргеит Аҟәа ақ. амузеи аҧҵара. Аизгара иалагеит хра злаз акультуратә-ҭоурыхтә материал. Аурыс-аҭырқәа еибашьра алагамҭазы 1877-1878 шш. иеизгаз хәы змаз Аҧсны аҭоурых иазкыз анумизматикатә, аетнографиатә, археологиатә експонатқәеи аматериалқәеи алганы иган, ашьҭахь ибжьарӡын. 1915 ш. иаҧҵахоит «Аҧсабара абзиабаҩцәеи аҭҵааҩцәеи Аҟәатәи аокруг ауааҧсыреи руаажәларра». Уи иалан иреиҕьыз аинтеллигенциа, еиҭа амузеи аҧҵара напы азырквз, официалла иара аартра мҩаҧысит лаҵарамза 17, 1917 шықәсазы.

1920 шықәса анҵәамҭазы Аҧсны ақырҭуа меншевикцәа рнапаҿы ианыҟаз аамҭазы «Ауаажәларра» аҧыххоит, амузеигьы аркхоит. Аекспонатқәа зегьы алганы Қырҭтәыла амузеи ахь иргоит.

Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь атәылаҿцәаҭҵааратә усура еиҭа ихацыркхоит, иаҧҵахоит «Аҧсуа ҭҵаарадырратә уаажәларра». 1924 ш. амузеи иаиууеит «Аҳәынҭқарратә» ҳәа астатус. 1933 ш. амузеи аҟны иаатуеит аҭоурыхтә - револиуциатә ҟәша. Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан 1941-1945 шш. иеизгахоит анемец-фашисттә мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы ақәҧара Аҧсны аибашьцәа ралахәра иазкыз аматериал.

1977 ш. раҧхьаӡакәны СССР ажәларқәа ретнографиа амузеи аҟны Ленинград ақ. Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа рымчала иеиҿкаан ацәыргақәҵа «Аҧсуаа» (абзазареи аҟазареи). Ара 300 инареиҳаны експонат цәырган. 1980ш.-нӡа амузеи иаман афилиалқәа ҩба, аус руан аекспозициатә ҟәшақәа хәба. Амузеи аҵәахырҭақәа рыҟны ишьҭан 100 нызықь цыра рҟынӡа аекспонатқәа.

Амузеи афондқәа рыҟны Аҧсны, Кавказ, ажәытәӡатәи Мысра, Еллинтәыла, Рим, Ҭырқәтәыла, Византиа, Сасанидтәи Иран аҭоурыхи акультуреи рбаҟақәа, Октиабртәи ареволиуциа, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа, 1992-1993 ш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра адокументқәа.

Аекспонатқәа акыр ареспубликатә адагьы адунеитә ҵагьыы рымоуп. Ҧасатәи Асовет Еидгыла иахьаҵанакуаз адгьылҵакыраҿы ижәытәӡатәуқәа рахь иаҵанакуа ашелтәи Иашҭхәатәи агыларҭа, Аҳаҧы Хьшәашәа амезолиттә маҭәахәқәа (абаҩ иалху аџыққәа), ҳера ҟалаанӡа III азқьышықәса анҵәамҭазтәи адольмен аихатә культура аматериалқәа, абжьаратәи аџьаз аамҭазтәи аихақәа аҭаҵәахқәа уб.иҵ. Амузеи гәадураны иаман ажәытәӡатәиеллинтә марамалташьтә хаҳәцәи Аҟәатәи абаҕәаза аҵаҟнытә иҭыгаз антика ахаантәи абиусти, аҿыуаҩи алеи рсахьа зныз ихьшәоу аџьаз аамҭазтәи акульттә егрет (ахырҧшӡага), амамырџагә форма змаз ассириитәи аџьазтә ҧырак (VI шә. ҳ.ҟ.), аеллинтә кәалӡхылҧеи аҧыраки (IV-V ашә.-қәа ҳ.ҟ.).

Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа

1963 ш. Аҟәа ақ. иаҧҵан Асахьаҭыхымҭақәа ргалереиа, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи афилиал аҳасабала. Агалереиа официалла аартра мҩаҧысит 1964 ш.

Агалереиа афонди аекспозициеи шьаҭас иаиуит 20-тә аш. раахыс аҳақьым Фишков И. Л. иеизигоз аколлоекциа аиҳарак. Уи имҭаны ақалақь иаиуит раҧхьа асахьаркыратә аҧҵамҭақәа ахьыҟаз иҩны абжа. Раҧхьатәи аекспозициа иалалеит аурыс ҟазацәа рҿыханҵа, рыграфика, иеиҭаҵуа рыскульптура, асоветтә аамҭазтәи аҧсуа, ақырҭуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа.

Анаҩстәи ашықәсқәа рзы агалереиа хаҭәаауан Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа есышықәса имҩаҧыргоз ҭагалантәи ааҧынтәи рцәыргақәҵақәа рыҟнытә аусумҭа ҿыцқәа рыла.

Раҧхьатәи 50 рҿиамҭа ихатә коллекциаҟнытә И. Л. Фишков агалереиа ҳамҭас иаиҭеит. Уи иҧҳа Фишкова Ф. И. ҳамҭас иалҭеит 30 усумҭа. Аҧсны жәлар рпоет Д. И. Гәлиа иҭаацәара ҳамҭас иарҭеит апоет иҧа, ашәҟәыҩҩы - СССР аҳәынҭқарратә премиа алауреат Г. Гәлиа иусумҭақәа хҧа - «Шьаҿакгьы шьҭахьҟа ацара ҟалом», «Аб ипортрет», «Акәашара».

Асахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы иара убас иреиҕьыз рырҿиамҭақәа ҳамҭас иарҭон: М. Ешба - Ф. Искандер ипортрет, Ч. Кәукәулаӡе - Е. Ешба ипортрет, А. Краиниуков - И. Ақырҭаа ипортрет, О. Брендель – аҧсыӡкыцәа, уб.егь.

50-х ашықәсқәа рзы иеицырдыруаз аҧсуа сахьаҭыхҩы А. К. Чачба-Шервашиӡе, Европа дшыҟаз 500 ианреиҳаны иусумҭақәа иааишьҭуеит ҧсадгьыл ахь. Асахьаҭыхҩы иааишьҭыз иусумҭақәа рыбжеиҳарак Қарҭ ибжьахоит, иахьагьы уа иҟоуп.

200-ҟа усумҭа Аҧсныҟа иаашьҭын 60-тәи ашықәсқәа раан, иахьагьы агалереиа афонд аҟны иҵәахуп. Агалереиа афондқәа рыҟны иҟоуп XIX , XX ашә. рынҵәамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. 1994 ш. асахьаҭыхымҭақәа ргалереиа иаууеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа астатус (АСР).

Иахьа афондқәа рыҟны иҵәахуп ҧшь-нызықь инареиҳаны аҿыханҵа, аграфика, иеиҭаҵуа аскульптура, акерамика. Иҟоуп асахьаҭыхыҩцәа: Чачба-Шервашиӡе А. К., Петров Б. Л., Контарев В. С, Бубнова В. Д., Гәлиа Гь. Д., Ешба М. Е., Брендель О. В., Аҩыӡба Xә. Т., Амҧар Т. А., Џьынџьалҧҳа 3. К., Иванба В. Е., Хурхумал В. И., Гамгиа В. В., Ҷкадуа Иу. В., Ҵәыџьба В. А. А. И. Писарчук луасиаҭ ажәа ала агалереиа афонд иалалеит асахьаҭыхҩы иҿыханҵатәи играфикатәи усумҭақәа 312.

Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа аиҳабы – Сурам Сақаниа.

С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр

Аҧсуа милаҭтә театр аира ихьӡ адҳәалоуп х-актк змоу апиеса «Алашьцараҟнытә алашарахь» ажьырныҳәа мза 1918 ш. Очамчира ақ. иқәзыргылаз уи автор Платон Семион -иҧа Шьаҟрыл.

Иҳаҩсыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа рзы анаплакҩы беиа Алоизи иеиҿикааит атеатр «Алоизи», уи 1921 ш. Жәлакомпрос иаҭан «Актәи аҳәынҭқарратә театр» ҳәа ахьӡ ҧсахны.

Асоциалисттә идеиа ҿықәа апропаганда рзуреи аџьажәлар рыхдырра аизырҳареи рзы иеиҿкаан иеиҭаҵуа аҧсуа театр. Уи напхгара азиуит Д. И. Гәлиа – аҵара ду змаз аҧсуа интеллигенциа ахаҭарнак. Ҧхынгәы мза 192 шықәсазы аҟәа ақ. имҩаҧысит аҧсуа театр аартра. Атруппа 20-ҩык рыла ишьақәгылан. Д. И. Гәлиа ихациркыз аус иацырҵеит К. Дзидзариеи арежиссер В. Кривцови.

20-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иаартын аҧсуа драматә студиа апрофессионалтә актиорцәа разыҟаҵаразы. Уи напхгара аиҭон В. И. Домогаров. В. И. Домогаров дицхраауан аҧсуа сахьаркыратә культура бзиаӡаны издыруаз К. Дзидзариа. Астудиа раҧхьатәи аушьҭымҭацәаны иҟан: А. Агрба, М. Зыхәба, М. Ақаҩба, Шә. Ҧачалиа, Р. Агрба, А. Аргәын, Е. Шакирбаи, Л. Касланӡиа.

1926-1927 шш. – арежиссер В. Кривцов атеатр асахьаркыратә напхгаҩыс дҟалоит.

1927 ш. – атеатр асахьаркыратә напхгара аиҭо далагоит В. Гаррик. Уи иқәиргылоит апиесақәа: Лопе де Вега - «Ауасақәа рӡыхь», Д. Дарсалия - «Ажәытәра», С. Ҷанба - «Амҳаџьырқәа», М. Ақаҩба - «Инаҧҳа Киагәа».

1935 ш. – атеатр асахьаркыратә напхгаҩыс дарҭоит Иа. Жданов, иқәыргылахоит Н. Лернер ипиеса «Адекабристцәа».

Аҧсуа советтә драматургиа аира иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп С. Ҷанба ихьӡ. Уи авторс дрымоуп апиесақәа: «Апсны-Ҳаным», «Кьараз», «Амҳаџьырқәа» «Анцәа Засов», «Аҩы зжәыз иҧсцәа иҵәыуоит» уб.егь.

Абарҭ ашықәсқәа рзы иқәыргылан аспектакльқәа С. Ҷанба «Амҳаџьырқәа » (ареж. В. Гаррик), «Кьараз», М. Ақаҩба «Кьахьба Ҳаџьараҭ» (ареж. В. Домогаров).

1938 ш. – аҧсуа театр асахьаркыратә нпхгаҩы дҟалоит А. Агрба. Усҟантәи аамҭазтәи арепертуар: М. Лакрба «Гьечаа рҵыхәтәа», «Сабыда игәаҩара», «Данаҟаи».

1941 ш. – Г. Фигеиредо «Езоп» (ареж. А. Агрба).

1941 ш. – имҩаҧысит У. Шекспир «Отелло» аспектакль апремиера (ареж. А. Агрба). Усҟантәи аамҭазтәи атеатр арепертуар аҿы иҟан аспектакльқәа: - М. Шавлохов «Аҧҳәысҳәаҩ», Гь. Гәлиа «Афырхаҵа ихра», А. Лашәриа «Гәыкала абзиабара», Ф. Шиллер «Агьангьашреи абзиабареи» (ареж. Шә. Ҧачалиа), Еврипид «Медеиа» (ареж. Г. Суликашьвили), Р. Џьонуа «Ажәеиҧшьаа рҭыҧҳа» А. Агрба).

1960 ш. – аҧсуа театр адраматург С. Ҷанба ихьӡ ахҵахоит.

1963 ш. – атеатр режиссиор хадас дықәыргылоуп Н. Ешба. Иқәыргылоуп аспектакльқәа: А. Гәогәуа «Мышкы аҳра», Е. Шварца «Аҳәынҭқар ҟьантаз», Н. Ҭарҧҳа «Ашәа аҧҵара мариам», М. Чамагәуа «Иуана-аҧсуа», Н. Островски «Асҭыҧҳа», Д. Гәлиа «Анаурқәа».

1964 ш. – атеатр арежиссиор хада Хә. Џьопуа. Иқәыргылоуп аспектакльқәа: Г. Лорка «Ишьаарҵәыроу ачара», Г. Гәыблиа «Сыбзиабара зцу», Д. Добричанин «Х-ҟармаҵыск, аҩны № 17», М. Чамагәуа «Ахьымҩахәасҭа», Џь. Аҳәба «Аҳақ ашәара».

1967 ш. – инагӡоуп ақәыргыламҭақәа Б. Брехт «Ҳаҭыр зқәу Пунтилеи уи имаҵуҩы Маттии», Г. Ибсена «Алаҧшҵашәарақәа», М. Баиџьиев «Адуель» (ареж. М. Мархолиа).

1968 ш. – атеатр арежиссиор хада, адиректор Н. Ешба иқәлыргылоит – Б. Шьынқәба «Ахра ашәа», Ф. Шиллер «Дон Карлос», А. Володин «Аиаҳәшьа еиҳабы», Л. Украинка «Абна ашәа», Н. Островски «Асҭыҧҳа», М. Лакрба «Аламыс», «Анацәкьыс», «Асас» (ареж. Шә. Ҧачалиа, Р. Џьопуа «Ашьаҿақәа», Ж. Робер «Мари-Октиабр» (ареж. Д. Кәартаа).

1972 ш. – Киев ақ. И. Франко ихьӡ зху атеатр аҟны агастрольқәа мҩаҧысуеит. СССР ашьақәгылара 50 шықәса ахыҵра иазкны ирылаҳәаз аицлабраҿы, Л. Украинка лыспектакль «Абна ашәа» (ареж. Н. Эшба) иреиҕьу ҳәа иалкаан, иагьанашьан адиплом актәи аҩаӡара.

1972 ш. – Москва Маиаковски ихьӡ зху атеатр аҟны агастрольқәа мҩаҧысуеит. Арепертуар аҿы иҟан Ф. Шиллер «Дон Карлос», Л. Украинка «Абна ашәа», И. Папасқьыр «Аҧҳәыс лыпату», Н. Островски «Асҭыҧҳа » (ареж. Н. Ешба).

1973 г. – арежиссер хада Д. Кәартаа. Уи иқәыргыламҭақәа рыҟны иҟоуп Т. Уилиамс «Т «Агәаҳәара» Атрамваи», Шь. Ҷкадуа «Ҳауа идагәада», «Алоу дгәаауеит», Ж. Ануи «Антигона», А. Мықәба «Амра атыҩ иакит», Н. Думбаӡе «Абираҟ шкәакәақәа», И. Буковчан «арбаҕь ҿнаҭаанӡа» (ареж. М. Мархолиа).

1977 ш. – ақәыргыламҭақәа: Н. Ҭарҧҳа «Амра аҧҳа» (ареж. Е. Кәаҕәаниа), Б. Шьынқәба «Нас ишышәҭаху» (ареж. Д. Кәартаа).

1978 ш. – ақәыргыламҭақәа: Е. Шварц «Агага» (ареж. Н. Чиковани), Софокл «Електра» (ареж. М. Мархолиа).

1980 ш. – Аҧсуа театр ианашьоуп «Аҳаҭыр дырга» Аорден.

1982 ш. – А. Аргәын «Ашьхақәа амшын иӡааҧшылоит» (ареж. Д. Кәартаа).

1983 ш. – «Иҧшьаӡоу» И. Друце (ареж. Н. Мықәба).


1984 ш. – У. Шекспир «Акрал Лир» (ареж. Д. Кәартаа). Ереван ақ. имҩаҧысуаз афестиваль аҿы аспектакль иреиҕьу ҳәа иалкаан, апремиагьы анашьан, аспектакльқәа: ақәыргылаҩ Д. Кәартаа «актәи аҩаӡара змоу арежиссер» ҳәа зегьеидгылоутәи акатегориа ианашьан. Р. Ибрагимбеков испектакль «Аалым иеиҧшу» (реж. Н. Мықәба).


1985 ш. – Ж. Шехаде «Брисбентәи аемигрант», Е. Сымсым «Амра хара ашәахәақәа», А. Грибоедов «Зыхшыҩ зрыцҳароу»,Иу. Бондарев «Аҿықә», А. Чхеиӡе «Аҷандар манифест», А. Агрба «Аҳ Леон», Ф. Диурренматт «Аҳкәажә ҧҳәыс лаадгылара», П. Кальдерон «Аҧсҭазаара ҧхыӡуп», К. Гольдони «Кьоџьаа рҭыӡшәа». Хыхь зыхьӡ ҳәоу аспектакльқәа иқәыргылеит В. Ақаҩба. Аспектакльқәа А. Вампилов «Ҩажәа минуҭ аҧаимбар ицзаара» (ареж. Н. Мықәба). Б. Шьынқәба «Ацынҵәарах» (ареж. В. Терентиев).

1986 ш. – Б. Брехт иқәыргыламҭақәа «Ан Куражи уи лыхшареи» (ареж. М. Мархолиа).

1986 ш. – атеатр адиректорси асахьаркыратә напхгаҩыс дҟаҵоуп Валери Ақаҩба. Иқәыргылоуп У. Шекспир испектакль «Иули Цезарь» (ареж. В. Ақаҩба).

1992-2009 шш. – иқәыргылоуп Ф. Искандер - «Махаз», М. Бҕажәба - «Гәараҧаа рписар», Н. Ердман - «Аҽшьҩы» (ареж. В. Ақаҩба ). Аспектакльқәа: А. Миллер - «Ашьха Морганынтәи хланҵы», М. Макдонах - «Адгьылбжьаха Инишмаан аҟнытә ацыркь» (ареж. А. Ақаҩба), Ф. Марсо - «Акәтаҕь», Ф. Искандер - «Ажьақәеи амаҭқәеи», К. Хиггинс - «Гарольди Моди» (ареж. М. Аргәын), Е. Шмитт - «Оскари Агәилҧшшәы змоу аҧҳәыси», Ф. Сологуб - «Ҩынҩажәа миллион» (ареж. А. Шамба), Д. Чачхалиа «Али-Беи» (ареж. Н. Ешба).


Атеатр агастрольтә географиа: Монтре (Швеицариа), Пловдив (Болгариа), Сибиу (Румыниа), Москва, Санкт-Петербург (Урыстәыла), Киев (Украина).

Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы – Аҧсны Жәлар рартист Валери Ақаҩба.

Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр

1981ш. Аҟәа иаҧҵан ахәаҧшҩы қәыҧш изы Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр.

1990 ш. уи еиҭакын Аҧсны аҳәынҭқарра аурыс драматә театр ҳәа. Атеатр аҧхьатәи ажәашықәса аҩныҵҟа аколлектив асахьаркыратә напхгара арҭон М. Мархолиа, Г. Николаев, Д. Кәартаа, А. Ақаҩба. 1995 шықәса инадыркны атеатр асахьаркыратә напахгаҩыс дыҟоуп – Н. Балаева.

Аколлектив ашьақәгылара иаҧырхагахеит ақырҭуа-аҧсуа еибашьра. Атруппа еилшәеит, ахыбра ацәыӡит. Аха аибашьрашьҭахьтәи аекономикатә уадаҩрақәа шыҟазгьа атеатр аиҿкаара шымҩаҧысыц имҩаҧысуан. Астудиақәа ҩба рыла (2000 ш., 2007ш.) иаҧҵоуп аибашьрашьҭахьтәи актиорцәа рабиҧара. Атеатр атруппа рацәаӡам, аха уи аҟыбаҩ змоу актиорцәа рыла ишьақәгылоуп. Урҭ иаҧырҵо ахаҿсахьақәа ахәаҧшҩы акыраамҭа игәы иҭнымҵәо иҭоуп. Атеатр иазҿлымҳау ауаа акыршықәса раахыс асценаҿы ихәмаруа актиорцәа реизҳара амҩа иацклаҧшуеит. Убас иахьа ибзианы ирдыруа артистцәоуп: Џьамбул Жорданиа, Михаил Герасименко, Ромео Курмазиа, Артур Гургениан, Дмитри Шьукин, Рубен Депелиан, Андреи Карпов, Денис Саратников, Серафим Спафопуло, Анна Гиурегиан, Марина Скворцова, Наталиа Папасқири, Анастасиа Цыганова, Марины Сиҷинаа, Алина Пшеничнаиа. Аспектакльқәа аҧырҵоит ҩыџьа арежиссиорцәа-ақәыргылаҩцәа – Нина Балаевеи Џьамбул Жорданиеи.

Иахьа атеатр арепертуар аҟны иҟоуп аспектакльқәа: «Иҿаҳау аҧҳәыс» Анатоль Франс ипиесала, иара абри авторс дызмоу «Аҧҳәыс ҿаҳәа дызгаз ауаҩы изку акомедиа» Нелли Ешба (Москва) иқәлыргылаз, Л. Филатов ипиесала «Абзамыҟәцәа рзы усӡбара ыҟаӡам», «Федота-хысҩы, арҧыс еиҿамс изку аҳәамҭа» - арежиссиор Џь. Жорданиа, «Аҵыхәтәаны ҧҳәыс дузаазгоит...» (А.П. Чехов икомедиа хәыҷқәа «Амшәи» «Ажәалагалеи») – арежиссиорцәа Џь. Жорданиеи Н. Балаевеи, ахақәиҭреи ауаҩы дзызкуи ирыхҳәаау алакә «Аҧхьагылаҩ» (апиеса автор, арежиссиор – Џь. Жорданиа), «Аҧырра атемала авариациақәа» (аиҭакрақәа рхаан ауаҩы ихыҭҳәаақәа 19-20 ашә.-қәа рынҵәамҭазтәи аурыс литература ахаҿсахьақәа рыла) Н. Балаева, Буффонада «Акаамеҭ шҧаҟалеи!» (асценарии ақәыргыламҭеи Џь. Жорданиа), «Скват» Ж.-М. Шевре ипиесала - арежиссиор Н. Балаева, «Асонетқәа рҭыҧҳа еиқәа» Б. Шоу ипиесала, У. Шекспир иаҧҵамҭақәа рыла - асценатә композициа автор, арежиссер Н. Ешба (Москва), «Аполковник-Аҧсаатә» X. Боичев ипиесала - Н. Балаева лықәыргыламҭа.

Атеатр агастрольтә географиа аибашьра алагаанӡа аамҭа иаҵанакуеит. Иҟан ақалақьқәа: Гродно (Белоруссиа), Владикавказ (Аҩада Уаҧстәыла), Маиҟәаҧ (Адыгатәыла), Новороссииск.
Атеатр афестивальтә хырхарҭақәа хацыркын аибашьра ашьҭахь.
2001 ш. атеатртә студиа актәи аушьҭымҭа адипломтә спектакль («Тартиуф») алахәын 3-тәи Адунеизегьтәи Атеатртә Олимпиада аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуаз Атеатртә школқәа «Подиум» (Москва ақ.) Жәларбжьаратәи рфестиваль.

2007ш. атеатр алахәын 2-тәи жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль «Комплимент» (Новочеркасск, Ростов-на-Дону ақ. қәа) А. Франс иаҧҵамҭа аспектакль «Иҿаҳау аҧҳәыс» ала (адипломқәа 4, убри иналаҵаны «Иреиҕьу адует азы)».

2009 ш. 3-тәи адунеижәларбжьаратәи атеатртә фестиваль «Комплимент» аҟны атеатр иқәнаргылеит аспектакль «Абзамыҟәцәа рзы усӡбара ыҟаӡам», иагьанашьахеит 4-дипломк, убрахь иналаҵаны «Иреиҕьу аспектакль азы», «Иреиҕьу арежиссуратә усумҭазы», «Иреиҕьу аҧҳәыс лроль азы».

Атеатр адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы – Балаева Нина Едуард-иҧҳа. 

Арежиссиор-ақәыргылаҩ – Жорданиа Џьамбул Владимир-иҧа.

Шә. Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҧснытәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр

1955ш. атеатртә ҟазара абзиабаҩ ду А. Цыба иаҧиҵеит Тҟәарчалтәи аҿар ртеатр.

1961 ш. аколлектив «Жәлартә» ҳәа ахьӡ ахҵоуп.

1992ш. атеатр иаиуит «Аҳәынҭқарратә» ҳәа астатус. Иеиуеиҧшым аамҭақәа рзы атеатр арежиссиорцәаны иҟан Шә. Ҧачалиа, Шь. Гыцба, Н. Кәарҷия, А. Шамба.

2003 ш. Тҟәарчалтәи акомедиа атеатр СССР жәлар рартист Шә. Ҧачалиа ихьӡ иахҵоуп.

Атеатр арепертуар аҟны иҟоуп аҧсуа, аурыс шәҟәыҩҩцәеи адраматургцәеи раҧҵамҭақәа – Ш. Басариа, А. Аргәын, Шь. Аџьынџьал, Шь. Ҷкадуа, Н. Гоголь, С. Ҷанба, И. Лакрба уб.ег. Ақәҿиара бзиақәа аманы имҩаҧысит атеатр агастрольқәа 1997ш. Маҟәаҧ ақ..

Атеатр арежиссиор – Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист С. Сангәлиа.

Адиректор – Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист З. Кишмариа.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә ҿартә театр

Аҧсны Аминистрцәа реилазаара «Аҧсны акультура аминистрра аҳәынҭқарратә усбарҭазы» Ақәҵара № 69 нанҳәа 20 аҟнытә ала иаҧҵоуп «Аҧснытәи аҳәынҭқарратә ҿартә театр».

Атеатр адиректор - Еник Аслан Миха-иҧа (аҭел. +7940-993-73-78).

Асахьаркыратә напхгаҩы - Агәмаа Софиа Хынтрыгә-иҧҳа.

Аҧсны Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбль

Аҧсны Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбль Аҧсны иеицырдыруа аколлективқәа ируакуп. Ансамбль аҧҵоуп 1931ш. Н.А. Лакоба иаҧшьгарала иреиҕьу араионтә хортә коллективқәа шьаҭас иаҭаны. Уи раҧхьатәи напхгаҩыс дыҟан ашәаҳәаҩ ду, жәлар рашәаҳәаратә ҟазара бзиаӡаны издыруаз П. Панцулаиа.

Иеиуеиҧшым аамҭақәа раан аколелектив напхгара арҭон иеицырдыруаз Аҧсны аҟазара аусзуҩцәа – И. Лакербаиа, А. Ч. Чычба, Р. Д. Гәымба, К. Гегечкори, Е. Бебиа уб. егь.

1970 ш. ансамбль «зҽаҧсазтәыз» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵан. Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаҧсазтәыз ансамбль иналукааша, даҽакы иаламҩашьо коллективуп Аҧсны адагьы Кавказ ахьынӡанаӡааӡо.

Ансамбль арепертуар аҟны иҟоуп – афольклортә қьабзтә ашәақәеи акәашарақәеи, иара убас аҧсуа композиторцәа раҧҵамҭақәа.

Аколлектив гастроль ҳасабла ицахьеит ҧасатәи Асовет Еидгыла ахьынӡанаӡааӡо. Агастрольқәа мҩаҧысхьеит иара убас адунеи атәылақәа жәпакы рыҟны – Германиа, Чехословакиа, Польша, Еллинтәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Франциа, Мексика, Аргентина, Африка атәылақәа рыҟны. Жәларбжьаратәи афестивальқәа алауреатра иаҧсахахьеит.

Анагӡаҩцәа рҟазара, апрограмма аномерцыҧхьаӡа аус адулашьа, уи аиҧшымзаара, аҧшӡара, даҽакы иаламҩашьо иара ахаҿра – ари зегьы ахәаҧшыҩцәа хнахуеит аханатә аахыс.

Анасамбль асахьаркыратә напхгаҩы, ансамбль адирижиор хада Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аҧсны жәлар рартист Васили Царгәыш.

Абалетмеистер хада - Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист – Леонид Какачиа.

Е. Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә кәашара «Шьараҭын» ансамбль

Леон иорден занашьоу Е. Бебиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә кәашара «Шьараҭын» ансамбль Аҧсны иеицырдыруа аколлективқәа ируакуп. Ансамбль аҧиҵеит 1970 ш. ахореографиатә ҟазара абзиабаҩ ду, ГИТИС аушьҭымҭаҩ, Аҧсны жәлар рартист Едуард Уаҳаид-иҧа Бебиа.

Ансамбль «Шьараҭын» – Тунис имҩаҧысуаз XI-тәи Адунеизегьтәи Карфагентәи афестиваль аҟны аҧхьахә згаз, Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи афестивальқәа хҧа рыҟны аиааирақәа згахьоу, Москва имҩаҧысуаз Адунеизегьтәи афестиваль адипломантуп.

Ансамбль агастрольтә географиа – Урыстәыла, Франциа, Германиа, Финлиандиа, Индиа, Шри-Ланка, Еллинтәыла, Алжир, Австриа уб. егь. Ансамбль арепертуар аҟны иҟоуп афольклортә қьабзтә акәашарақәа иара убас Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәа.

Асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистер хада -Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, Чечентәыла аҟазара зҽаҧсазтәыз аусзуҩы – Руслан Едуард-иҧа Бебиа.

Аҳәынҭқарратә жәлартә кәашара «Кавказ» ансамбль

Ансамбль «Кавказ» аҧиҵеит Аҧсны жәлар рартист Кандид Ҭарба 1994 шықәсазы 1992-1993 ш. Аҧсны жәлар рџьынтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала.

Ансамбль инанагӡоит Кавказ ажәларқәа хкы рацәала иеилоу рҟазара.

Иара анапҵаз анаҩс шықәсы ааҵуаны 1995 шықәсазы ансамбль раҧхьатәи агастрольқәа қәҿиарала имҩаҧысуеит Ҭырқәтәыла.

1996 ш. – Волгодонск имҩаҧысыз Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аҟны аҧхьахә хада – ахьтәы медал агеит.

1997 ш. – Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рыҟны.

1999 ш. – Москва ақ. П. И. Чаиковски ихьӡ зху азал аҿы имҩаҧысит ансамбль аконцерт. Германиа Балинген ақ. афольклортә фестиваль иалахәын.

Абри ашықәсазы Ҭырқәтәыла XIII Жәларбжьаратәи афольклортә кәашара афестиваль «Бурса – 99» «Кавказ» актәи аҭыҧ ааннакылеит, аҧхьахә «Карагез» аиуит.

Ансамбль иара убас иалахәын Адыгатәыла III афестиваль «Кавказ аҭынчра».

2002 ш. – имҩаҧысит агастрольқәа Германиа ақалақьқәа рыҟны.

2003 ш. – «Кавказ» Санкт-Петербург ашьаҭаркра 300 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә концертқәа ирылахәын.

2006 ш. – ансамбль Москва ақ. П. И. Чаиковски ихьӡ зху азал аҿы иқәгылон.

2007–2008 шш. – «Кавказ» цоит гастроль ҳасабла Поволжие, Ҭаҭарстан, Чувашиа, Мари Ел, ақалақьқәа Самара, Улиановск, Москва.

Аҳәынҭқарратә жәлартә кәашара «Кавказ» ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Кандид Ҭарба.

Абалетмеистер хада Аҧсни Ҟарачы-Черқьестәи Ареспубликеи зҽаҧсазтәыз артист - Арвелод Ҭарба.

Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы кәашара ансамбль«Абаза»

Ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан 1993 шықәсазы излагаз аибашьра иахҟьаны зынхарҭа ҭыҧқәа ааныжьны ицаз ахҵәацәа, апансионат «Пицунда» аҟны инхон. Ишьақәгылаз аамҭа хьанҭа хәыҷгьы дугьы ирызцәырнагаз ашәара, агәҭынчымра ацәыхьчара мзызс иаман акәашаратә гәыҧ хәыҷык аҧҵара. Абри аҭагылазаашьаҿы ашьақәгылара иалагеит ансамбль «Абаза».

1996 ш. «Абаза» раҧхьаӡа акәны Аҧсны аҳәаа иахысны ицоит Москватәи аобласт ақ. Раменское имҩаҧысуаз афестиваль «Веснушка – 96» ашҟа. Ара аицлабра иалауреатхоит, аҧхьахә Гран-при агоит.

Абри инаркны ансамбль агастрольтә ҧсҭазаара хацыркхоит. «Абаза» ааҧхьарақәа рацәаны иаиууеит Аҧсны анҭыҵ - Шәача, Нальчик, Санкт-Петербург, Москва.

«Абаза» акыр шықәса Твер ақ. инарыҧхьоит ақалақь амшныҳәа азгәаҭаразы.

2002 ш. – ансамбль Санкт-Петербург Амш азгәаҭара аныҳәа иалахәын. Иалкаан Москва аконцерн «Бабаевски» аиубилеи иазкыз аконцерт аҟны. Иқәгылеит урыстәылатәи Актәи аканал дырраҭара «Доброе утро» аҟны.

2003 ш. – «Абаза» иаиууеит Аҳәынҭқарратә ансамбль» астатус. Ансамбль «Абаза» изныкымкәа Аҧсны афольклортә конкурс «Аӡыхь» иалауреатхахьеит, аиааирақәа агахьеит. Аҧсны имҩаҧысуаз аконкурс «Ахьы шьабысҭа» аҟны Гран-при агоит, ҧшьынтә алауреатра, акырынтә Гран-при иаҧсахахьеит Шәача ақ. арегионалтәбжьаратә фестиваль «Қьырсазтәи аеҵәақәа» аҟны, Франциа (2004) имҩаҧысуаз жәларбжьаратәи аконкурс «Village» алауреатра иаҧсахеит, I аҩаӡара змоу алауреатра иаҧсахеит IV Жәларбжьаратәи фестиваль «Болгариа аҩызцәа» (2004) аҟны, Жәларбжьаратәи аконкурс «Амузыка аныҳәа» Прага ақ. (2006) алауреатра иаҧсахеит, афестиваль «Ашықәсҿыцазтәи аҧсаӡ» I аҩаӡара змоу алауреатра Адиплом иаҧсахеит Стокгольм ақ. (2007), «Финлиандиа ахәыҷқәа рҧылара» афестиваль (2007) алауреатра иаҧсахоит, Парижтәи Диснеиленд аҟны афестиваль «Амузыкеи акәашареи рмагиа» (2007 ш., Франциа) иадипломантцәахеит, Кавказтәи ажәларқәа аҳәаанырцәтәи афестиваль иалахәуп (2007 ш., Ҭырқәтәыла), Жәларбжьаратәи афестиваль «Ҧсҭазаарак иаҟароу акәашара» иадипломантцәахеит (2006 ш., 2007 ш., Шәача).

Иахьа ансамбль арепертуар аҿы иҟоуп: аҧсуа кәашарақәа реиҧш, адунеи жәлар рыкәашарақәа, иара убас аклассикатәи аестрадатәи қәыргыламҭақәа.

Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы – Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист - Циала Ҷкадуа, абалетмеистер хада– Алеқсеи Аршба.

Афольклор

Аҧсуа сахьаркыратә литература анцәырц инаркны аҿиара хыҵхырҭас иаман афольклор.

Аҧсуаа рфольклор – аҿаҧыцтәи амузыкатәи – агьбеиоуп тематикалагьы иҭбаауп. Уи иеиднакылоит иеиуеиҧшым ажанрқәа: аҭоурых-фырхаҵаратә ашәақәа, аџьатә, ашәарыцаратә ашәақәа, аепикатә ҳәамҭақәа, алакәқәа, ажәамаанақәа, агарашәақәа, абзазаратә, алирикатә ашәақәа, ҵҩа змам ажәаҧҟақәа, ажәарццакқәа, афоризмқәа уҳәа егьырҭ афырхаҵаратә жәабжьқәа. Аҧсуа жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа инарылукаартә иҟоуп аҵануааи Абраскьыли ирызку аҳәамҭа, Нарҭаа ирызку афырхаҵаратә епос.

Аҧсуа жәлар рқьабзқәеи рқьабзтә поезиеи аҧсуаа рфольклор аҟазшьа аҷыдарақәа рахь иаҵанакуеит. Жәлар рытрадициатә қьабзқәа рыҩныҵҟа иҟоуп – ашәарыцаратә, адгьылқәаарыхратә, арахәааӡаратә қьабзқәа, иара убас аҵасқәа, жәлар рҟазара иадҳәалоу анцәахаҵарақәа; ацәгьеи абзиеи ирыдҳәалоу аҵасқәа; аҭәҳәақәа ирыдҳәлоу аҵасқәа.

Аҧсуа жәлар рмузыка бжьырацәалатәуп. Ҩ-бжьыки х-бжьыки рыла ишьақәгылоу аҧсуаа рашәақәа акы иаламҩашьо иҟоуп. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп ақьабзтә ашәақәа, ирацәоуп ашәарыцаратәи аџьатәи ашәақәа. Аҧсуа музыкатә фольклор аҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит ажәлар рфырхаҵара, ргәымшәара, рыҧсҭазаара хьанҭа зныҧшуа аҭоурыхтә-фырхаҵаратә епос. Абиҧарақәа иеимдо иааргоз жәлар рашәақәа амилаҭ абеиара урҭ рдоуҳа аҧшӡара, рыҧсихологиа, рдунеихәаҧшышьа аҷыдарақәа, рыбзазара, рлеишәа бзианы ирныҧшит.

Жәлар рҟазара ацәыӡ ҕәҕәаны иаиуит аҧсуаа реиҳараҩык Ҭырқәтәылаҟа рахгара (амҳаџьырра) иахҟьаны. Амҳаџьырраан ибжьаӡит адоуҳатә культура аҧҵамҭақәа маҷымкәа. Убри инаваргыланы амилаҭтә кадрқәа рыҟамзаара иахҟьаны ианаамҭаз аҭыҧан инхаз ажәа аҟазацәа ргәалашәараҿы инханы иҟаз ахьанҵамыз азы жәлар рҟазара ахьыршәыгәқәа реиқәырхара алымшаӡеит. Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа урҭ реизгареи рыҭҵаареи рзы аусура ду мҩаҧгоуп.

Хықәкыла аҧсуа фольклор аҭҵаара анхацыркыз 1920-30 шш. рзоуп, уи ақьабзтә ашәақәа рмузыкатәи рпоезиатәи ҷыдарақәа зҿлымҳара азҭаз К. В. Ковач, Д. И. Гәлиа, X. С. Бҕажәба рыхьӡқәа ирыдҳәалоуп.

1960-80-тәи аш. ицәырҵит ақьабзтә фольклор анҵамҭа ҿыцқәа ркьыҧхьымҭақәа, ақьабзтә фольклор ахыҵхырҭа апроблемақәеи ақьабзтә поезиа ажанртә ҷыдарақәеи ирызкыз астатиақәа жәпакы (Шь. X. Салаҟаиа, А. А. Аншба, М. М. Ҳашба, С. Л. Зыхәба, В. А. Коҕониа русумҭақәа).

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org