Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада имчхара атрибутқәа

A65A9563.jpgАхада имчхара атрибутқәа

Ахада имчхара атрибутқәаны иҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ибираҟ, аҳәынҭқарратә герб, «Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада» ҳәа аҩыра зну амҳәыр, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьартә Мчқәа ркомандаҟаҵаҩы хада иаҳасабала Ахада ироль символра азызуа аҳәеи аҳәынҭқарратә ҟәыҕара асимвол – алабашьеи.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имҳәыри ибираҟи

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имоуп «Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада» ҳәа аҩыра зну ихыгьежьаау агербтә мҳәыри Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ибираҟи.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ибираҟ акәакьҭаиаша форма змоу зганқәа 2:1 еизыҟоу ашуп.

Абираҟ аҧшшәы Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ аҧшшәқәа ирықәшәоит, иара урыла ҭбаарыла иеиҟароу, зҽеиҭнызыҧсахло аиаҵәа ҧшшәи ашкәакәеи змоу ацәаҳәақәа 7 лашьҭуп, урҭ рахьтә ҧшьба иаҵәоуп, хҧа шкәакәоуп. Ацәаҳәақәа хыхьтәи ариад ала иалагоит, раҧхьатәи ацәаҳәа иаҵәаҧшшәылоуп

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ҧшшәахәыла иҟаҧшьыхәхәароу аҧшьыркца иаша зхышәа-ҵышәарала абираҟ аураҟынтә 0,38, зыҭбаара х-цәаҳәак ираҟароу. Иҟаҧшьыхәхәароу аҧшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту амаҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Аш ихьыҧшшәылоу ачыхә аҿыкәыршоуп. Абираҟ ашьапаҿы ихьыҧшшәылоу ачыхәқәа ҩба аркуп. Абираҟ иахагылоу ақәцә мҿлыхуп.  


 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org