Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада асоциалтә-економикатә зҵаарақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа аусацура иазку аилацәажәара мҩаҧигеит

16.03.2018
Ахада асоциалтә-економикатә зҵаарақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа аусацура иазку  аилацәажәара мҩаҧигеит


Хәажәкырамза 16рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба асоциалтә-економикатә зҵаарақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа аусацура иазку аилацәажәара мҩаҧигеит .

Аилацәажаәара иалахәын Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭеи Аҩадатәи Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистрреи рхаҭарнакцәа.

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра 2017-2019 шш. рзы асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааазы Аинвестициатә программа анагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа, ҷыдала, 2018 шықәсазы Аинвестициатә программа аобиектқәа рыҟны аусурақәа рылагамҭеи рхыркәшареи аҿҳәарақәа. Аилацәажаәара иалахәыз иара убас иахцәажәеит изаамҭанытәиу Аиҳабырабжьаратә комиссиа амш азҵаара.  

Альготатә кредиттәра апрограммала аинвестициатә проектқәа ртема аҳәаа иҭагӡаны ирылацәажәеит апроектқәа рынагӡареи акредитқәа зыҧсахыз ирыду ашәатәқәеи ирызку азҵаарақәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org