Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Лаҵарамза 2 рзы Апресс-конференциаҟны аоппозициатә мчқәа рхаҭарнакцәа иҟарҵаз аҳәамҭазы Ахада Ипресс-маҵзура ахҳәаа

03.05.2019

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат Аслан Бжьаниа игәабзиаразы ииашоу аинформациа аларҵәара иазкыз аоппозициатә мчқәа рхаҭарнакцәа рыпресс-конференциа еиҳа зҵаара рацәа рзыннажьит ҳуаажәларра рыхәҭак. Апресс-конференциаҟны игәабзиара зеиҧшрои «хәшәла аҧырхага иҭара»  инаркны «апневмониа аформа бааҧс» аҟынӡа ачымазара зыхҟьази рзы ирылаҳәаз еиҿагылаз агәаанагарақәа знапы иану аусбарҭақәа рганахьала инҭырҳәыцааны рыҭҵаара аҭахуп.  

Официалла авирустә пневмониа анышьақәыргылоу ас еиҧш агәызҩарақәа изаамҭанытәиу Ахада иалхрақәа рыламҭалазы ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраараны иҟаӡам.  

Аслан Бжьаниа ахәшәтәырҭаҟны данышьҭарҵа аҧхьатәи амшқәа инадыркны атәыла Ахада  иҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра ахылаҧшразы адҵа рыҭоуп. Урыстәылатәи аколлегацәа рыҟнытә Агәабзиарахьчара аминистрра иаиуз аинформациа ала Аслан Бжьаниа игәабзиара бааҧсхеит авирустә пневмониа иахҟьаны. Аслан Бжьаниа уажәы ихәышәтәра алҵшәа бзиақәа аныҧшуеит.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org