Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

30.12.2022

Михаил Мишустин Аҧсны Ахадеи Аҧсны жәлари 2023-тәи Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи рыдиныҳәалеит

Урыстәыла Аҧыза-аминистр Михаил Мишустин Аҧсны Ахадеи Аҧсны жәлари 2023-тәи Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи рыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа!

Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит 2023-тәи Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи.

Иҳаҩсуа ашықәс азы  аиҩызареи, аидгылареи, астратегиатә усеицзуреи рышьаҭала ишьақәгылаз урыстәыла-аҧснытәи аизыҟазаашьақәа аҿиарамҩа ианын. Анагӡара мҩаԥысуан республика асоциал-економикатә ҿиара иазкыз зымҽхак ҭбааз апланқәа, азеиҧш проект дуқәа.

Агәра згоит, 2023 ш. хра злоу аҧшьгарақәа рынагӡаразы аҭагылазаашьа бзиақәа аҧҵо, ганрацәалатәи ҳусеицзура аҳәаақәа рыҽшдырҭбаало. Урҭ зегьы Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа ирықәшәоит.

Аслан Гьаргь-иҧа, гәыкала ишәзеиӷьасшьоит  агәабзиара,  анасыҧ, аихьӡарақәа, аҧсуа жәлар - аҭынчра, аизҳазыӷьара".

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org