Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

05.10.2022

Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ареспублика шьақәгылеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы М.К. Кумпилов дидныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адыгеиа Ареспублика шьақәгылеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы М.К. Кумпилов дидныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Мураҭ Каральби-иԥа,

Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Адыгеиа Арепсублика аԥҵоижьҭеи 31 шықәса аҵра арыцхә.
Адыгеиа Арепсублика, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҿиара иаҿу Урыстәылатәи Афедерациа асубиект аҳасабала, еиҷаҳауа, еиқәырханы иаанагоит ибеиоу аҭоурых-культуратә ҭынха, шьаҿа ӷәӷәала ԥхьаҟа ацарагьы иаҿуп.
Иԥхаӡа исгәалашәоит ҳазҭоу ашықәс цәыббрамзазы Адыгеиа сыҟазаара амшқәа. Сара агәра згоит ҳажәларқәа ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы лыҵшәабзиала аҿиара, аихаҳара шалыршахо.

Ҳаҭыр зқәу Мураҭ Каральби-иԥа, абри аныҳәамш аҽны Адыгеиа Ареспублика ажәлар   раԥхьа шәнаргыланы ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, ахирра.

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org