Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

30.12.2019

Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи!

2019-тәи ашықәс азы аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа алҵшәа бзиақәа рыман. Қәҿиарала аҿиара иаҿуп аҩаӡарақәа зегьы рҿы ҩ-ганктәи аполитикатә диалоги аусхкқәа зегьы рыҟны аусеицуреи.

Агәра згоит, имҩаҧысуаз аиҿцәажәарақәа ирыбзоураны, иалыршахаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә усеицура аҧхьаҟагьы аизырҳара ишацхраауа.

Ҷыдала иазгәаҭазарц сҭахуп, Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиара ацхраара иазку Шәара хаҭала шәылшамҭақәа.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, аныҳәақәа рыламҭалазы гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡара ҿыцқәа, Урыстәыла жәлар зегьы – аҭынчра, аизҳазыҕьара».

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org