Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

27.02.2020

Аҧсны АИХ русузуҩцәа рыдныҳәалара

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Амассатә информациа ахархәагақәа ароль ду нарыгӡоит ихьыҧшым идемократиатәу аҳәынҭқарра аргылараҟны. Ажурналистцәа русура, атәыла аҩныҵҟа имҩаҧысуа иуадаҩу апроцессқәа обиективла реилкаара иахьыҧшуп ауаажәларра ргәлаҟазаара.
Иуадаҩуп ҳҳәынҭқарра ауаажәларратә, аполитикатә, акультуратә, асоциалтә ҧсҭазаараҟны амассатә информациа ахархәагақәа рҵакы ахә ашьара.

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәа. АИХ ахаҭарнакцәа зегьы изеиҕьасшьоит арҿиаратә еихьӡарақәа, аизҳара».

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org