Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

16.09.2019

Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәхаразы Ахада иааҧхьара

Цәыббрамза 16 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иахь Урыстәылатәи Афедерациа  Ахада  Владимир Путин аацҳамҭа ааишьҭит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рылахәхаразы.

Аацҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:


«Ҳаҭыр зқәу, Рауль Џьумка-иҧа!

Ааҧхьара шәысҭоит Москва, 2020 шықәса  лаҵарамза 9 рзы имҩаҧысраны иҟоу Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку аофициалтә усмҩаҧгатәқәа шәыҽрылашәырхәразы.

Ҳзеиҧш ҭоурых аҿы аҵак ду змоу арыцхә азгәаҭо, ҳара ҳхырхәоит анацизм иаҿагылаз аибашьцәа ргәалашәара лаша аҿаҧхьа. Урыстәыла ахааназгьы ирхашҭуам Аиааира ду агара зхы ақәызҵаз ҳаиашьаратә Аҧсны ҵҩа змам ажәлар.

Акраҵанакуеит ҳабацәеи ҳабдуцәеи иаҳзынрыжьыз аиҩызареи аицхыраареи рытрадициақәа иахьагьы ҳҳәынҭқаррақәа русеицура аҿиара уасхырс иахьрымоу.

Гәахәала исыдыскылоит Москва шәбара».



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org