Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ацҳамҭақәа

30.09.2019

Вадим Красносельски Рауль Ҳаџьымба Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит

Цәыббрамза 30 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит.

Цәыббрамза 30 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә аацҳамҭаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

«Аҭоурыхтә аамҭақәа шаҳаҭра руеит ахьыҧшымра иарбанзаалак ажәларқәа, иарбанзаалак амилаҭқәа имарианы ишырмоуа. Ари аҵабырг инарҵауланы еилызкаауа Аҧсны жәлар ҳаҭырла иргәаладыршәоит ахьыҧшымразы ақәҧараҟны зхы иамеигӡаз, уи зхы ақәызҵаз зегьы. Ҳазҭагылоу аамҭазы Приднестровиеи Аҧсни рыжәларқәа еидызкыло ракәны иҟоуп зџьабаала, зҭоурых, зытрадициақәа реиҷаҳарала зыҧсадгьыл ахьӡ ҭызго ауаа», - абас азгәаҭоуп адныҳәаларатә аацҳамҭаны.
Вадим Красносельски Ахадеи Аҧсны жәлари ирзеиҕьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, аҳәоуеиқәшәара, рнапы зларкуа аус бзиақәа рыҟны аихьӡарақәа».  

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org