Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

07.04.2016

Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Есышықәсатәи аизараҟны иқәгылара

Аминистрцәа реилазаара акттә зал аҟны имҩаҧысуеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа есышықәсатәи аизара.

Алада иаагоуп Аҧсны Ахада аизараҟны иқәгылара атекст.

* * * .

Ҳаҭыр зқәу ҳҵарауаа! Ҳаҭыр зқәу ҳинтеллигенциа!

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа есышықәсатәи аизара– иналукааша хҭысуп ихьыҧшым ҳара ҳҳәынҭқарра ауаажәларратә ҧсҭазаараҿы. Аҭҵаарадырра, амилаҭтә наука аҭагылазаашьа– уаҵәтәи амш зеиҧшрахо ҳзырдыруа абарометр еиҧш иаҳнарбоит аҳәынҭқарра аҿиашьа, иара зқәу амҩа ахьынӡаиашоу. Имаҷым иеицырдыруа ҳҵарауаа рџьабаа, рбаҩхатәра иабзоураны иалыршоу алыҵшәақәа иеиуеиҧшым ахырхарҭқәа рҿы: агуманитартә, афизика-математикатә, аҧсабараҭҵааратә, атехникатә уҳәа иахьрыҵанакуа. Иҭыҵуа ашәҟәқәа, хазы игоу амонографиақәа агәра ҳдыргоит ҳҵарадырра шьаҿа-шьаҿала ҧхьаҟа ишцо, насгьы урыстәылатәи, адунеитәи аҵарадырра ицәырнаго апроблемақәа ирзааигәоу азеиҧш зҵаарақәа рышҟа азҿлымҳара ишазҳауа.

Уаанӡатәи ҳаиҧыларақәа раан исҳәахьеит, даҽазныкгьы исҳәоит: Аҳәынҭқарра априоритет хадақәа ируакуп ҳнаука, ҳсоциалтә-економикатә зҵаарақәа рыӡбара ашҟа ахы шырхатәу, уи аганахьала ҳҵарауаа рпотенциал ҳаракы иҵегьы ахархәара аҭатәуп. Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр ишьақәнаргылаз адокумент “Ҩнызқьи ҩажәи хәба шықәсанӡатәи Аҧсны аҿиара астратегиа” даҽазныкгьы агәра ҳнаргеит аҵарауаа рыхшыҩ, рдырра, рҧышәа иахьынӡахәҭоу ҳхы иаҳмырхәакәа, ҳазну амҩаҿы иаҳҧыло ауадаҩрақәа риааира шымариам. Убри аганахьала Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иалшо зегьы ҟанаҵароуп амилаҭтә наука иаҵагылоу абиҧарақәа зегьы реимадара арҭбааразы.

Уаҩы игәы иахәартә иҟоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа институт аҩныҵҟа мацара ҩба-хҧа шықәса ирылагӡаны қәҿиарала ркандидаттәи рдоктортәи диссертациақәа ахьырыхьчаз гәыҧҩык аҵарауаа ҿарацәа. Иазгәаҭатәуп, урҭ рыҩныҵҟа ишмаҷҩым Аҧсны аҭоурыхи, аетнологиеи, адемографиеи уҳәа рышҟа зхы кыду аспециалистцәа ҿарацәа. Иара убас анаукатә лшарақәа арҭбаауеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет. Есааира иубартә иҟоуп Аҵара аминистрреи Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи русеицура атенденциа урҭ ирзеиҧшу апроблемақәа рыӡбараҿы.

Аҵарадыррақәа Ракадемиа ароль иҵегь иҕәҕәахароуп аҧсуа бызшәа аҳаҭыр ашьҭыхраҿы, уи аҳәынҭқарратә статус, амчхара арҭбаараҿы. Уи аганахьала иахьа имҩаҧысуа аҳәынҭқарратә бызшәатә политика ҳшацәхьамҵуа агәра шәсыргоит. Зегьы еилыркаауазароуп, ачынуаагьы убрахь иналаҵаны, ҳхатәы бызшәа аныҧсыҽха– иҧсыҽхоит аҳәынҭқарра амч-алша, анырра.

Даҽанзныкгьы ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп агәамч ҕәҕәа, арҿиаратә гәацҧыҳәара ду, аихьӡара ҿыцқәа! Сгәы иаанагоит зегьы еилыркаауеит ҳәа ажәлари аинтеллигенциеи ракзаара ала ишалаго аҳәынҭқарраҿы зыда ҧсыхәа ыҟам аҭынчреи аполитикатә ҭышәынтәалареи. Абри аусаҿы аҵакы ҕәҕәан, иҕәҕәоуп шәара шәажәа, шәҳәоу, шәдырра, шәбаҩхатәра!



Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org