Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

30.06.2016

Афинансқәа рминистрра Аҧареиазкырҭа аусбарҭа аартра иазкыз аусмҩаҧгатә аҟны ақәгылара

Ахада Рауль Ҳаџьымба Афинансқәа рминистрра Аҧареиазкырҭа аусбарҭа аартра иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын.

Алада иаагоуп абри аусмҩаҧгатә аҟны Ахада иқәгылара атекст.

* * *

Акыр иаҧсоу аҩызцәа!

Ҳара Аҧсны абиуџьеттәи афинанстәи системаҟны хадара змоу аиҭакра атәы зҳәо акрызҵазкуа апроцесс – абиуџьет анагӡаразы аҧареизакырҭатә системахь аиасра ашәхымс ҳнылагылеит.

Акрааҵуеит ҳара аҳәынҭқарратә политика еиуеиҧшым аҟәшақәа рхаҭабзиара аиҕьтәразы аилазааратәи аинституционалтәи ҧсахрақәеи аиҭакрақәеи ртәы ҳҳәоижьҭеи. Аҧареизакырҭатә система – иахьатәи аамҭазтәи аҳәынҭқарра аусура ззалымшо акрызҵазкуа реформоуп.

Ари ареформа аҭахны иҟалеит абиуџьеттә хыҧхьаӡарахь аҧаратә хархәагақәа ианаамҭоу рнеиреи абиуџьеттә хархәагақәа хықәкылатәи рныхреи агәаҭара арҕәҕәаразы, иааиуа ахашәалақәеи аныхтәқәеи ҭыҧк аҟны реизакра, абиуџьеттә дефицит ахҩаразы ахархәагақәа ирцәынхаз аамҭала рхархәаразы, ихықәкылатәими лыҵшәазмами абиуџьеттә хархәагақәа рхархәара аиҵатәразы.

Аҧареизакырҭатә системаҟны иабзоураны аҧаратә хархәагақәа аҵыхәтәан изауа рҟынӡа инаӡаанӡа ари апроцесс ахылаҧшра ҳалшоит. Ари абиуџьет анагӡаразы абанктә системаҟны амҩаҧгара алшаӡом. Аҵыхәтәан – абиуџьеттә процесс амҩаҧысшьа аҧхьаӡареи аҳасабырба аиҿкаашьеи убартә иҟалоит.

Ари ҳҳәынҭқарра аҿиараҟны хадара змоу систематә ҭагылазаашьоуп.

Сара избоит арҭ аҧсахрақәа аҧара анапаҿы аҟазаара иашьцылоу, аҧхьаӡара хкы ҿыц амҩаҧгареи аҳасабырба аҟаҵареи иазхиам абиуџьетдкылаҩцәа реиҧш, абиуџьетеихшаҩцәа аӡәырҩы рзы хьаада ишымҩаҧымсуа. Даҽакала иуҳәозар, шьҭа абиуџьеттә хархәагақәа дасу ишиҭаху аныхра аӡәгьы азин иоуӡом. Ари аиҭакра Урыстәылагьы 1990 шықәса анҵәамҭазы имарианы имҩаҧысӡомызт. Ари аҭагылазаашьа ҿыц ашьцылара аамҭа ҳаиааируп.

Агәра згоит ҳаспециалистцәа, афинансқәа рминистрреи аҧареизакырҭеи русура иабзоураны, урыстәылатәи ҳколлегацәа рыцхыраара ду ала зегьы ҳалшоит ҳәа. Абри инамаданы, иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп абри апроект анагӡараҟны иҳацхраауаз урыстәылатәи аспециалистцәа. Ихадароу, арҭ аиҭакрақәа зегьы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟны иҟоу аҧарақәа ҳтәыла аҿиареи ҳауаажәлар рыҧсҭазаара аиҕьтәреи алдыршоит.

Ақәҿиарақәа шәзеиҕьасшьоит зегьы!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org