Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

18.04.2017

Аҧсны Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аартраҟны иқәгылара

лавров.JPG

Мшаҧымза 18 рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахыбра ҿыц аартраҟны дықәгыланы ажәахә ҟаиҵеит.

***

Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иҧа!

Ҳаҭыр зқәу асасцәа зегьы!

Иаартхоит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ахыбра ҿыц.

Ари ҳтәылақәа рзы акрызҵазкуа хҭыс дууп. Урыстәылатәи адипломатцәа рынхашьазы, русушьазы еиҳа еиҕьу аҭагылазаашьақәа аҧҵахеит.

Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьа арҕәҕәара – ари Аҧсны адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа иахьыруаку адагьы, Аҧсны зхы иақәиҭу, ихьыҧшыму ҳәынҭқаррак аҳасабала иазхазҵаз, ҳтәыла ашәарҭадареи асоциалтә-економикатә ҿиареи ралыршара иацхраауа Урыстәыла ҳаҭырла иазыҟоу ҳара ҳажәлар рыҧсҭазааразы акырӡа зҵазкуа акоуп.

Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа анаҧҵаха инаркны аашықәса рыҩныҵҟа ароль ду нанагӡеит Аҧсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи рырҿиареи, ҳтәылақәа ркультуратә, ргуманитартә, руаатәҩсатә еимадарақәа рыҟны, аҧсны-урыстәылатәи аусеицура аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа ашьақәыргылараҟны.

Ҳтәылақәа рыбжьара 2014 шықәса абҵара 24 инаркны анагӡара иаҿуп аидгылареи астратегиатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, иара убас 100 инареиҳаны еиуеиҧшым аҟәшақәа рыҟны ҩ-ганктәи аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа. Ҳара Аиқәшаҳаҭра иалкаау аҧҟарақәа рыла аусеицуразы, атәылахьчареи ашәарҭадареи, адәныҟатәи аполитикеи, асоциалтә-економикатә, агуманитартә ҿиара аҟәшақәа рыҿиаразы аҧхьаҟатәи ашьаҿақәагьы рыҟаҵара ҳазхиоуп.

Сергеи Виктор-иҧа, Аҧсны Урыстәыла Ацхаражәҳәарҭа ахыбра аартра Шәара шәалахәра иаҳәоит Урыстәыла анапхгара Аҧсни Урыстәылеи реидгылареи рыстратегиатә усеицуреи иарҭо аҵак ду атәы.

Ҳара ҳаҭыр ақәаҳҵоит зҿлымҳара иҳашәҭо, лымкаала, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара адагьы, Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи апозициа арҕәҕәара аганахьала имҩаҧнаго аусура.

Ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩ, Шәаргьы, ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа зегьы ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп аихьӡара дуқәа ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи рыбжьара аиҩызареи, аидгылареи, астратегиатә усеицуреи рырҕәҕәаразы ҭакҧхықәра зцу аус аҟны. Агәра шәсыргар сҭахуп, аҧсуа ган ахьӡала, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аус зуа шәколлегацәа рыҟны, анагӡаратә мчхара асистема зегьы аҟны, уаанӡеиҧш, зыгәрагоу аҩызцәа шшәымазаауа.

Сгәы иаанагоит Аҧсни Урыстәылеи рыжәларқәа рыхьӡала имҩаҧаҳго ҳусеицура аҧхьаҟа иҵегьы алҵшәақәа шеиҕьхо.

Аманшәалара, аихьӡарақәа шәзеиҕьасшьоит!

лавров1.jpg


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org