25.08.2017
Нанҳәамза 25 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Ҳаџьымба Рауль Д. Гәлиа ихьӡ зху Акультура Ахан аҿы Тҟәарчал Ақалақь-фырхаҵа 75 шықәсахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҟны адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит
***
Ҳаҭыр зқәу тҟәарчалаа!
Тҟәарчал ақалақь аиубилеи – ари Аҧсны жәлар зегьы рфырхаҵара, рхачҳара, рылшамҭа дуқәа ирсимволу крызҵазкуа хҭысуп.
Иара убри аангьы иазгәаҭатәуп, тҟәарчалаа ҳмилаҭ-хақәиҭратә ҵысра, ҳҭоурыхтә ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргыларазы ақәҧараҿы шәлагаламҭа, шәааҧсара акырӡа ишдуу.
Амацәаз иҭакыз ақалақь 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт аҟны амчқәа зегьы рҳәаақәҵара, рымҩақәҵара ахьымҩаҧысуаз ҭыҧын.Тҟәарчалтәи аполк иалаз шәҩыла ҳаибашьцәа ақырҭуа мпыҵахаларатә архәҭақәа ирҿагыланы хацәнмырха еибашьуан, ҳ-Аҧсадгьыл ахақәиҭтәразы. Рыхьӡ кашәара ақәӡам хьӡи-ҧшеи згым Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы!
Тҟәарчал ақалақь ауп аибашьра ашықәс хьанҭақәа раан хыҵакырҭас ирымаз арахь иааз зыҧсҭазаара ашәарҭа иҭагылаз ауааҧсыра. Ақалақь ахәшәтәырҭақәа рыҟны амедицинатә цхыраара рырҭон аибашьраҿы ахәра зауз аибашьцәа.
Тҟәарчал - арацәаҵхыҩ хьӡырҳәагақәа рықалақь, ахаангьы атәылаҟны еицырдыруан аекономикаҟны, ааглыхраҟны, акультураҟны иамаз аихьӡарақәа рыла.
Сгәы иаанагоит, хара имгакәа, Тҟәарчалатәи анаплакқәа уаанӡа ирымаз рымч-рылша еиҭашьақәдыргылартә еиҧш аусура хацыркхап ҳәа.
Иахьа ақалақьи Тҟәарчал араион зегьи рхаҿра арҿыцразы, аиҭашьақәыргыларазы раҧхьатәи ашьаҿақәа рыҟаҵара иаҿуп. Уаҩы агәахәара инаҭоит араҟа атуризми аӡырҧхақәеи рыҿиаразы алшарақәа хьцәырҵуа.
Агәра згоит иҟоу ауадаҩрақәа риааира алыршахап ҳәа, Тҟәарчал ҳтәылаҟны иреиҕьу, иеизҳазыҕьо аҭыҧқәа ируакхап ҳәа.
Акыр иаҧсоу тҟәарчалаа, даҽазнык ари аныҳәа гәырҕьа шәыдныҳәало, гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, анасыҧ, аҧхьаҟа аихьӡарақәа!