Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

12.05.2017

Аҧсны Ахада Баграт Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы аҟны иқәгылара

Аҧсны Ахада Баграт Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы аҟны иқәгылара

Лаҵарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Хаџьымба Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысуаз Аҧсны Жәлар рпоет, ашәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-аҧша» аорден актәи аҩаӡара занашьоу, академик Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи шәышықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы аҟны дықәгылеит.

Ҳаҭыр зқәу ҳинтеллигенциа!

Ҳаҭыр зқәу ҳасасцәа!

Ҳарҭ аҧсуаа Анцәа дҳаҭәеишьеит збаҩхатәра ҳәаак амам, зхәыцрақәа рымҽхак даараӡа иҭбаау апоет, ашәҟәыҩҩы Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба. Ҳҵарауаа ишазгәарҭахьоу еиҧш, ҳара ҳзы уи д-Пушкинуп, иара убас агха ҳахьуам, дрыдаҳкылар Лермонтов, Баирон! Ҳтәылаҿы ирацәаҩуп уи иажәеинраалақәа, ибалладақәа бзиа ибаны, ҿырҳәала изҳәо. Уи зыбзоуроу, зегь раҧхьаӡагьы, Жәлар рпоет ҳбызшәа аҧсы ахьахеиҵаз, ҵакыла, формала иахьирбеиаз, уи иаҵоу еиҭаҳәашьак змам амелодизм нарҵауланы иахьааирҧшыз ауп.

Ирацәаҩуп, еилыхха изгәалашәо ароманқәа «Ацынҵәарах», «Ахра ашәа», «Аҿатәуаа», «Ахаҳә-еиҩса» рсиужетқәа, избанзар урҭ рҿы хашҭра ақәымкәа иаарҧшуп ҳажәлар рлахьынҵа, рыгәҭыха, рыҧсихологиа, ргәыҕра! Сынтәа инарҭбааны иазгәаҳҭо Баграт Шьынқәба ииубилеигьы – ари ҳаамҭазтәи аҭоурых иахәҭакуп, ҳмилаҭтә идеиа ӡырызго хҭысуп, ҿыцәаара зқәым доуҳатә лашарбагоуп!

Ҳаҭыр зқәу ауаажәларра, арҿиаратә, аҵарадырратә инеллигенциа рхаҭарнакцәа!

Ҳаҭыр зқәу асасцәа!

Аҧсны Жәлар рпоет Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра – ари арҿиаратә еиҧш, ауаажәларра-политикатә ҵакы змоу хҭыс дууп. Уи амилаҭ рзы доуҳатә ҧызаны дыҟан, иахьагьы дыҟоуп, поет дуӡӡоуп, даҽаӡәы диламҩашьо, зыҩаӡара ҳараку асахьаркыратә-философиа бызшәала зыжәлар рхәыцрақәа, рхьаа, ргәыҕрақәа раарҧшра зылшаз ажәа азҟаза дууп.

Баграт Шьынқәба илагаламҭа акраҵанакуеит ҳҳәынҭқарра аргылараҟны, ҳмилаҭтә интересқәа рыхьчараҟны. Сталин ирежим ахаантәи ашықәсқәа рзы иаартны амилаҭ-шовинисттә политика иаҿагылаз иналукааша аҧсуа интеллигенциа дыруаӡәкуп.

Баграт Шьынқәба иинтервиуқәа раук аҟны иазгәеиҭон: «Сара сзы зегьы иреиҳау ашәҟәыҩҩы абаҩхатәра ахьимоу акәӡам, уи имоу ахьаа, арыцҳашьара, иҟоу ауадаҩрақәа нарҵауланы аҧхьаҩ изнеигарц анилшо ауп».

Абарҭ аҟазшьақәа анубаалоит зыхьӡ ҳҭоурыхи ҳкультуреи ҧсра зқәым ашықәсҩыра хьтәы нбанла ианылаз ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә баҩхатәра.

Гәык-ҧсыкала зегьы ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Жәлар рпоет, ҳаиашьаратә респбуликақәа - Адыгатәылеи Ҟабарда-Балкариеи Жәлар рпоети рышәҟәыҩҩи Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба имшира!

Нагӡара ақәзааит ҳпоет ду иажәа, кашәара ақәымзааит уи ихьӡ-иҧша!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org