Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

30.09.2017

Аиааира Амш иазку аусмҩаҧгатә аҟны Ахада иқәгылара

Цәыббрамза 30 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира амш иазкны Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаҧысыз аусмҩаҧгатә аҟны дықәгылеит.

***

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Акыр иаҧсоу ҳветеранцәа!

Агәахәара ду снаҭоит Аиааиреи ахьыҧшымреи рымшныҳәа шәыдныҳәаларазы алшара ахьсымоу! Ари Аҧсны аҵеира ршьала, ргәымшәарала иаагоу, иҧшьоу иааироуп!

1992 шықәса нанҳәа мзазы иҳақәлаз ақырҭуа мпыҵахаларатә архәҭақәа реилаҧыххаареи, урҭ Аҧсны адгьылҵакыра ралцареи алыршахеит зегь раҧхьаӡа иргыланы ҳажәлар ракзаара амчала.

Бџьарла ишьақәыргылахаз ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра – ари абиҧарақәа акыршықәсала ааҧсарак ҟамҵа иззықәҧоз амилаҭтә идеиа аларҵәара иабзоуроуп.

Ҳаҧсадгьыл алахьынҵа ашәарҭа ианҭагылаз ҳхьааи ҳгәыҕреи ҳацеиҩыршон Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәа, аҳәаанырцәынтәи ҳадиаспорақәа, Урыстәылантәи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтә иааз аибашьцәа, аиашьаратә Республика Приднестровие аашьҭымҭацәа гәымшәақәа. Ҳажәлар хьаҳәа-ҧаҳәада ҧхьаҟа ицон Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ибираҟ– Аҧсны абираҟ иаҵагыланы! Еиуеиҧшым адунеижәларбжьаратә мчрақәа акырӡа ишиқәыҕәҕәозгьы, ҳара ҳаҧхьагылаҩ гәымшәа хьаҵрак ҟаимҵеит! Ихьӡ кашәара ақәымзааит ҳҧыза-хьӡырҳәага! Хашҭра рықәымзааит зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳаибашьцәа нагақәа!

Иахьа Аҧсны ахьыҧшымра азхазҵаз атәылақәа раҧхьа игылоуп Урыстәылатәи Афедерациа! Ҳреспублика шьаҿа-шьаҿала аизҳара амҩа иануп. Аамҭа маҷ-маҷ рыхәра арҕьоит ҳақалақьқәеи ҳқыҭақәеи! Ҳажәлар хьыӡла-ҧшала аҧышәара уадаҩқәа рымҩа ианысит. Иахьа урҭ рнапы алакуп аекономика арҿиара, атәылахьчара, аҵара, акультура, агәабзиарахьчара, аспорт рырырҿиара!

Ҳара ҳхырхәоит афырхацәа ҳзызааӡаз анацәа, абацәа рҿаҧхьа! Урҭ иахьагьы ирылшо ала иазықәҧоит аҭынчра, асоциалтә иашара!

Гәык-ҧсыкала аҭынч аамҭеи анасыҧи рзеиҕьасшьоит ҳауаажәлар!


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org