Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

11.10.2017

Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра аҧҵара 25 шықәсахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҟны иқәгылара

Ҳаҭыр зқәу ҳаруаа, ҳкомандирцәа!
Ҳаҭыр зқәу Атәылахьчара Аминистр!

Иахьа ҳҳәынҭқарраҿы инарҭбааны иазгәаҳҭо ахҭыс ду – Аҧсны атәылахьчара Аминистрра 25 шықәса ахыҵра, аҵакы ҕәҕәоуп ҳҭоурыхазы еиҧш, ҧхьаҟатәи ҳаҿиарамҩазгьы.
Ари арратә структура хада аҧҵан аибашьраан, ҳаҧсадгьыл ашәарҭа ианҭагылаз аамҭазы. Еидкылатәын хазы-хазы аҕа иҿагылаз архәҭақәа. Аиамадара ҕәҕәа рыбжьаҵатәын Мраҭашәаратәи Мрагыларатәи афронтқәа. Ирҕәҕәатәын алеишәа, аибашьцәеи акомандирцәеи реизыҟазаашьа!
Убарҭқәа зегьы ралыршараҿы, амчхара ду аанарҧшит Атәылахьчара Аминистрра. Иахьа ари арратә усбарҭаҿы қәҿиарала аус руеит аҧышәа ду змоу арратә напхгаҩцәа, рырратә-занааҭтә зыҟаҵара иаздырҳауеит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ҿарацәа!
Аҧсны Аҳәынҭқарра аринахысгьы иалшо ҟанаҵалоит Атәылахьчара Аминистрра акадртәи аматериалтә-техникатәи база ашьҭыхразы! Ари - ҳара ҳаприоритет хадақәа ируакын, ус иагьаанхоит ҧхьаҟагьы!

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org