Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

27.10.2017

Ахада VIII Аҧсны-урыстәылатәи аустә форум аҟны иқәгылара

Жьҭаарамза 27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба VIII Аҧсны-урыстәылатәи усутә форум иалахәыз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәаны, ажәахә ҟаиҵеит.

***

Ҳаҭыр зқәу иеизаз зегьы! Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Аҧсны имҩаҧысуа аабатәи Аҧсны-урыстәылатәи аустә форум иалахәу зегьы бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит! Иахьа ара иҳалатәоуп Аҧсни Урыстәылеи реиҳабыра, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, анаплакратә еидгыларақәа, аҵаруааа рхаҭарнакцәа. Иҳаҩсхьоу ашықәсқәа раанеиҧш, сынтәатәи афорум иалахәу рыҩныҵҟа иҟоуп ихатәрақәоу алахәцәа. Уи ари афорум аҵак ду шамоу атәы аҳәоит.

Ҳаҭыр зқәу ҳасасцәа!

Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәар ҳҭахуп Аҧсны аганахьала иаашәырҧшуа азҿлымҳаразы. Уи ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит.

Ҳара ҳтәыла еснагь иаартуп аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иазку ихырҳагоу аиҿцәажәарақәа рзы. /p>

Ҳара аусеицуреи иеицаҳзыфеидоу апроектқәа рынагӡареи, Аҧсни Урыстәылеи рекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иҟоу аҧынгылақәа раҧыхразы ауснагӡатәқәа разырхиара ҳазхиоуп.

Ҳаидгыланы, ҳамч еибыҭаны мацара ауп иахьа иҟоу ахәаахәҭра-економикатә еиныррақәа ҭышәынтәаланы реизырҳара, иеицаҳзеиҧшу аинвестициатә усеицура ацҵара, абри аус аҟны ҧеиҧш змоу ахырхарҭа ҿыцқәа рхархәара, иахьатәи адунеи ицәырнаго адҵақәа рҭак аҟаҵара анҳалшо.

Абарҭи егьырҭ актуалра змоу азҵаарақәеи рылацәажәароуп иззынархоу иахьатәи афорум аусура. Уи ииашаҵәҟьаны есышықәса Аҧсны аустә ҧсҭазаараҟны акрызҵазкуа хҭысны иҧхьаӡоуп.

Афорум Аҧсни Урыстәылатәи Афедерациеи рполитикатәи рекономикатәи елитақәа реимадаразы алшара бзиақәа аҧнаҵоит, зегьы раасҭа ихадараны иҟоу, анхамҩабаратә еилазаарақәа реиҿцаара алнаршоит.

2009 шықәсазы раҧхьатәи аустә форум анымҩаҧысыз аамҭа инаркны иҳаҩсхьоу ашықәсқәа рзы ҳтәылақәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәаразы иҟаҵаз рацәоуп.

Иаҧҵоуп иҭбаау аиқәшаҳаҭратә база. Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы аиқәшаҳаҭра хада инаваргыланы, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара иаҵаҩуп 130 ҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа, аусеицура цоит аганқәа зегь рыла.

Ари аамҭа иалагӡаны Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара иазҳаит 3,5-нтә, аҧсуа тауарқәа урыстәылатәи аџьармыкьахь рекспорт 3,2-нтә иазҳаит, Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟахәаахәҭратә еикәыршараҟны Урыстәылатәи Афедерациа ахәҭаа 70% артәоит.

Ҳара есааира ҳаалыҵ урыстәылатәи аџьармыкьа алагалара ҳҽазаҳшәоит. Уи азы иахьатәи аамҭазы арҧхарҭатә комплексқәа, аиҭаусадуларатә наплакқәа рыргылара ҳаҿуп, иара убасгьы ҳаицхырааны аҳәаанырцәҟа атауар зго рзы аҭагылазаашьақәа аҧаҳҵоит.

Гәахәароуп ҳтәыла иалҵуа ахәаахәҭратә цәаҳәа амҽхак аҭбаара иахьаҿугьы. Ҳара шьаҿа-шьаҿала аекспорт ахь ирышьҭуа атауарқәа иацло ахәҧса иазҳарҳауеит. Аҧсны агро-ааглыхратә комплекс ахаҭарнакцәа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа рыҟны аҳамҭа ҳаракқәа ранаршьоит.

Атуризм ахырхарҭаҟны абар уажәшьҭа акыршықәса ҳтәыла аҧсшьаразы аурыс тәылауаа еиҳа иалырхуа аҭыҧқәа ируакуп. Заатәи ақьырсианра ижәытәӡоу аҭоурыхтә баҟақәагьы адинхаҵаратә туризм арҿиара алзыршот акәны иҟоуп.

Аҧсны аекономика ахәҭақәа зегь рҿы урыстәылатәи аинвестициақәа злахәу аилазаарақәа ҳџьармыкьаҟны аҧхьагылара рымоуп. Акыр шықәса инеиҧынкыланы ара қәҿиарала аус руеит “Мегафон”, “Роснефть” реиҧш иҟоу аурыс еилахәыра дуқәа.

Ҵыҧх ари аҩыза афорум аҟны ирыҵаҩын аинвестициатә еиқәшаҳаҭрақәа жәпакы. Урҭ рахьтә иҟоуп инхарҭәааны инагӡоу реиҧш, зхыркәшара иаҿугьы.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org