20.11.2017
Абҵарамза 20 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба XI Аҩадакавказтәи акинои ателехәаҧшреи иаарту рфестиваль «КУНАКИ» аркраан ажәахә ҟаиҵеит.
***
Ҳаҭыр зқәу акинофестиваль алахәцәа, ҳасасцәа!
Шәара шәыбзоурала ҳтәылаҿы имҩаҧысуа ари ахҭыс ду иеиднакылоит ажәларқәа! Уи ацхыраара ду анаҭоит иактуалтәу адоуҳатә-культуратә проблемақәа рыӡбара! Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит аманшәалара, агәамч-ҕәҕәа, аихьӡара дуқәа шәнапы злакәу аҟазара ҳаракы аизырҳараҿы!
Еиҭа лыҧха змоу адгьыл аҟны, Аҧсны иацҵахеит ҳазҭагылоу аамҭазтәи адокументтә кинои ателехәаҧшратә автортә программақәеи рыпроблемақәа ирызку инарҭбааны агәаанагарақәа, адунеихәаҧшрақәа реимдара.
Жәларбжьаратәи афестиваль «Кунаки» – акиноҟазара аусзуҩцәа рырҿиаратә еихьӡарақәа ахьцәырырго, иахьатәи аҟазацәа рсахьаркыра-естетикатә ҧшаарақәа рылҵшәақәа рыхә ашьара ахьымҩаҧысуа дискуссиатә ҭыҧны иҟалеит.
Иазгәаҭатәуп, ари апроцесс Аҧсны Аҩадатәи Кавкази, Урыстәылатәи Афедерациа егьырҭ арегионқәеи ркультурақәа русзуҩцәа шалахәу. Ҩынтәгьы игәахәараны иҟалеит, асимволтә ҵакгьы амоуп афестиваль ҿыц ицәырҵыз аҧсуа драматургцәа, арежиссиорцәа, аоператорцәа рырҿиаратә лшарақәа, ридеиа ҿыцқәа, рыгәҭакқәа раарҧшразы аҭагылазаашьақәа ахьаҧнаҵо. Ари иабзоураны ҳмилаҭтә кинематограф аҧхьаҟа аҿиара аиур алшоит.
Жәаҳәарада, акультура аполитикатә еибарххаара арҧсыҽраҟны инанагӡо ароль дуӡӡоуп, ажәларқәа доуҳала реизааигәахара, ҧасатәи СССР ахыбгалара иахҟьаны иеиҧҟьаз арҿиаратә еимадарақәеи аиныррақәеи рҧышәа аиҭашьақәыргылара иацхраауеит. Иалшаӡом адоуҳатәи аинформациатәи еиҟәыгара аҭагылазаашьаҿы ихарҭәааны аҿиара. Убри аҟнытә, акыр иаҧсоу аҩызцәа, акинофестиваль алшара ҳнаҭоит еиҳа инарҵауланы ахцәыргаразы, ҳинтеллектуалтә лшарақәа раарҧшразы атәылақәеи ажәларқәеи реицәыхарара аиааиразы.
Иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит, ҳаҭыр ду зқәаҳҵо Сулиета Аслан-иҧҳаи уи лҩызцәеи иаадырҧшуа арҿиаратә хамеигӡаразы, ааҧсарада афестиваль аидеиа амаҵ ахьазыруазы, арҿиаратә интеллигенциа аглобализациа аамҭазы ауаажәларра доуҳала аҧсыҽхара, ахьысҳара иацәызыхьчо асахьаркыратә мазара акәша-мыкәша реидкылара ахьалдыршо азы.
Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, лыҵшәазмоу аусура, арҿиаратә гәазыҳәара!