06.12.2017
Ҧхынҷкәынмза 6 рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аконкурс "Ашықәс арҵаҩы" аҟны аиааира згаз арҵаҩцәа рыдныҳәалара иазкны Р Гәымба ихьӡ зху афилармониаҟны имҩаҧысыз ацеремониаҟны ажәахә ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Иахьа ҳара рыхьӡ ҳҳәоит 2017 –тәи аҵарашықәсазы иалкаахаз арҵаҩцәа.
Ахә ашьара уадаҩуп ихьыҧшым, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргылараҟны ихәыцуа, зыҧсадгьыл згәы азыбылуа ауаажәларра аҧҵараҿы аҵара, адырра иааннакыло аҭыҧ.
Аха адыррақәа инарываргыланы, аҵараиурҭақәа рыҟны арҵаҩцәа рнапы иануп иеиҵагыло аҿар рлеишәа, рҟазшьа, рыуаҩра хылаҧшра аҭара, рышьақәыргылара. Зхы-зыҧсы иамеигӡа зус иазнеиуа арҵаҩы илшоит аҵаҩы амҩа иаша иқәҵара, ҳҵас-ҳқьабз илааӡара, ҳтәыла аҭоурых иазхьарҧшра, иазырхәыцра. Ари шәара есҽны ааҧсарада имҩаҧыжәго аус иалҵшәаны иҟалоит, абри ауп иуадаҩӡоу шәусураҿы ишәымоу ақәҿиарақәагьы зыбзоуроу.
Иахьа зымҽхак зырҭбаауа аинформациатә технологиақәа раамҭазы арҵаҩы иҭагылазаашьа мариам. Уи иааикәыршаны иҟоу аҿыцрақәа зегьы ҳасаб рзуны, илаҧшҳәаа ырҭбаауа, ҳазҭагылоу аамҭа даҵамхакәа, ҧхьаҟа дцалароуп.
Аҳәынҭқарра арҵаҩцәа рабиҧара ҿыцқәа реиҵааӡара аус аҿы ирыду ауалҧшьа анагӡараҿы иалшо зегь ҟанаҵароуп.
Ҳаҭырзқәу ҳарҵаҩцәа! Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәааҧсаразы!
Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч! Шәҵаҩцәа ирыдышәҵо аџьабаа бзабааны ишәҧылалааит!