Ахада Урыстәылатәи Афедерациа иатәу Кутузови Аеҵәа ҟаҧшьи занашьоу 7-тәи Краснодартәи абираҟҟаҧшьтә арратә база шәышықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҟны иқәгылара
Ҧхынгәымза 21 рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа иатәу Кутузови Аеҵәа ҟаҧшьи занашьоу 7-тәи Краснодартәи абираҟҟаҧшьтә арратә база шәышықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит уи анапхгареи архәҭеи.
***
Ҳаҭыр зқәу Игор Анатоли-иҧа!
Ҳаҭыр зқәу аофицерцәа, апрапоршьчикцәа, асержантцәа, асолдатцәа!
Кутузови Аеҵәа ҟаҧшьи занашьоу 7-тәи Краснодартәи абираҟҟаҧшьтә арратә база знысыз аибашьратә мҩа Аҧсадгьыл ахьчаразы зеиҧш ыҟам ҿырҧшыгоуп.
Уажәы Гәдоуҭа игылоу 7-тәи арратә база аибашьҩцәа-аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ршьала, рхамеигӡарала, ргәымшәарала иааргаз реибашьратә ҵасқәа, рфырхаҵара, ҧсра зқәым рыхьӡ-рыҧша рымданы анагӡара рылшеит, уҳәар алшоит.
Ҳазҭагылоу аамҭазы ари абаза архәҭа хьыӡла-ҧшала Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсни рҳәынҭқарратә интересқәа рыхьчаразы игылоуп, ҳаиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа ршәарҭадара ахьчаразы.
Арратә база 100-шықәса ахыҵра – ари, Алада Урыстәылеи Мрагыларатәи Украинеи рхақәиҭтәразы, Клухортәи ахыҵырҭаҟны анемец оккупантцәа ирҿагыланы аибашьраҟны иаарҧшыз агәымшәарала, афырхаҵарала иҭәу епохоуп.
Шәара шәҭоурых аҟны аҭыҧ ҷыда ааннакылоит 1999 шықәсазы қырҭтәыла-аҧснытәи аибашьратә еиҿагылара ахьыҟаз аҭыҧ аҟны абжьаҟазартә операциа анагӡараҿы архәҭа алахәра.
Гәык-ҧсыкала ирыдысныҳәалоит асолдатцәа, асержантцәа, аофицерцәа, апрапоршьчикцәа, абаза акомандаҟаҵара – акрызҵазкуа аиубилеи!
Ишәзеиҕьасшьоит аныҳәатә гәалаҟазара, аҧхьаҟагьы Аҧсадгьыл ахьчара иазку аҭакҧхықәра ду зцу аус аҟны аихьӡарақәа!