Ахада иажәахәқәа

Ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә еилатәараҟны иқәгылара

Ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә еилатәараҟны иқәгылара

Лаҵарамза 17 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә еилатәараҟны дықәгылеит.

***

Ҳаҭыр зқәу асасцәа, акыр иаҧсоу аҩызцәа, аколлегацәа!

Раҧхьа инаргыланы, Аҧсны адипломатцәа рзанааҭтә ныҳә а– Адипломатиатә усзуҩы имш рыдысныҳәалар, иаҳҭааз асасцәа, иара убас ари аныҳәатә еиалатәара зҽалазырхәыз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа расҳәар сҭахуп.

Иахьатәи амш акрызҵазкуа рыцхәуп – 25 шықәса ҵит Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟаполитикатә усбарҭа аҧҵоижьҭеи.

Атәылаҿы аамҭақәа аныуадаҩыз, ҳреспублика иахьатәи аамҭазтәи аҭоурых иузаҟәымҭхо иалалаз Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ароль ду нанагӡеит аҧсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы.

Аҧсны адипломатиатә маҵзура аҟазаара аамҭа аҩныҵҟа иара аҧҵара инаркны акрызҵазкуа аусбаҭа астатус анаиу аҟынӡа ашьақәгылара амҩа хьанҭа ианысит, атәыла адәныҟатәи аполитика аҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбараҿы аихьӡарақәа аарҧшуа. Аҧсуа дипломатцәа русураҟны есқьынгьы азанааҭдырра ҳаракы, гәыкала Аҧсадгьыл азыҟазаашьа аадырҧшуан, жәларбжьаратәи аренаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымреи амилаҭтә интересқәеи хьчо.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашьақәгылара аус аҿы рлагаламҭақәа дууп аусбарҭа ҧасатәи анапхгаҩцәа.

Уанӡатәи аҧышәа рхы иархәаны иахьа иҟоу Аминистрра аколлектив жәларбжьаратәи аренаҟны атәыла аинтересқәа ирзықәҧоит.

Иахьа Аҧсны ААР аидара иаҵалоит аҧсуа ҳәынҭқарра зхы иақәиҭу, иаарту, идемократиатәу атәыла астатус арҕәҕәаразы ашьаҿақәа рыҟаҵараҿы.

Аҧсны иахьа имариам аҟазшьақәа змоу адунеитә ҿиара ҿыци арегионтә ҳәынҭқаррақәа иҟарҵо аныррақәа реизҳарахь иназго жәларбжьаратәи апроцессқәа рымҩаҧысреи ирылахәхеит. Аҧсны арегионтә ҭышәынтәаларазы акрызҵазкуа факторны иҟалеит, уи азеиҧшзхаҵара змоу аҳәынҭқаррақәа рыбжьара азинеиҟарареи аусеицуреи шьаҭас измоу ахатәы дәныҟаполитикатә курс ашьақәыргыларазы алшара ҿыцқәа раҧҵара иахьалагаз. Агәра згоит Аҧсны ААР хьыӡла-ҧшала арҭ аҧышәарақәа рылҵра, аусураҿы аихьӡара ҿыцқәа раарҧшрагьы шалшо.

Аҧсуа адипломатиа аусура ахырхарҭа хаданы иҟоуп Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыстратегиатә усеицура ганрацәалатәи арҵаулареи арҿиареи. Ихадароу ахырхарҭақәа ирыҵанакуеит Аҧсны ахьыҧшымра азхазҵаз атәылақәа. Имҩаҧысуеит Аҧсны аҳаҭыр ашьҭыхреи Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра аҧхьаҟатәи жәларбжьаратәи азхаҵареи рзы аусура.

Атәыла адәныҟатәи аполитика аҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа ҳарҭ зегьы ҷыдала аҭакҧхықәра ҳадырҵоит, уи ҳара ибзианы иеилаҳкаауеит. Сгәы иаанагоит Аппарат хадаҟны, ахаҭарнакрақәа рыҟны, аҳәаанырцәтәи аусбарҭақәа рыҟны аҧхьаҟагьы атәыла анапхгара иқәнаргыло азҵаарақәа рыӡбараҿы иҟарҵо ацхыраараҿы максималла ҭакҧхықәрала ишазнеиуа.

Акыр иаҧсоу аколлегацәа, сажәа хыркәшо, даҽазныкгьы гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалар сҭахуп ари аныҳәа, ишәзеиҕьасшьоит шәнапы злаку адипломатиатә усураҿы аихьӡарақәа. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит иахьагьы аҿар зҧышәеи здыррақәеи рымадара иаҿу адипмаҵзура аветеранцәа. .

Ҽааныбзиала шәнеиааит, акыр иаҧсоу аҩызцәа!

 

Аҵыхәтәан, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 25-шықәса ахыҵра инамаданы снапы аҵазҩит изаамҭанытәиу адипломатиатә чынқәа ранашьаразы Аусҧҟа.

Аҳәара ҟасҵоит Аусҧҟа рылаҳәаразы.

 


Возврат к списку