Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

29.09.2018

Очамчыра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аартраҿы Ахада иқәгылара

Очамчыра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аартраҿы Ахада иқәгылара

Цәыббрамза 29 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ихы алаирхәит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә.

***
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Акыр иаԥсоу анацәа, абацәа, аибашьра аветеранцәа!

Иахьа Очамчыра араион аҿы имҩаҧысуеит иналукааша ахҭыс ду. Ақалақь агәҭа иаартхоит зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа хьӡырҳәагақәа рыхьӡ акамыршәра иазку абаҟа.

Ибзианы издыруеит, шаҟа хьаас ирымаз, иахыццакуаз ари абаҟа ахыркәшара араион ауааҧсыра, анапхгара, аибашьра аветеранцәа, анацәа, абацәа! Зегьы иаҳҭахын уи Аиааира амш аламҭалазы иаартхарц! Ишыжәбо еиҧш, апроект нагӡоуп! Уи наунагӡа символра азнауеит ҳаибашьцәа гәымшәақәа рфырхаҵара, ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәразы иҧшьоу ҳақәҧара!

Ҳаҧхьаҟа ашәҭқәа шьҭарҵарц, афырхацәа ҳаҭырла иргәаладышәарц азы арахь иааило аҿар иҵегь инарҵауланы иазхәыцлашт иахьа ҳтәылаҿы иҟоу аҭынч-ҧсҭазаареи, иҳамоу ахьыҧшымреи нагӡахарц азы ҳажәлар знысыз ашьаарҵәыратә мҩа.
Аҧсны мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы, адунеиаҿгьы ибзианы ирдыруеит ҳтәыла ашәарҭа ианҭагылаз ишеиҿкаахаз амацәаз иҭакыз, хьӡы-ԥшала зҭоурых зегьы шьақәгылоу Мрагыларатәи афронт. Амлакреи ахьҭакреи хьаас имкыкәа, бџьарла, џьаҧҳаныла цқьа ишеиқәшәамызгьы, еиҭаҳәашьа змам агәымшәара аарҧшуа, ҳаибашьцәа изныкымкәа рҽазыршәахьан ақырҭуа агрессорцәа рпозициақәа реилаҧыххаара. Акырынтә аӷа имырҟьахьан Очамчыреи-Аҟәеи еимаздоз аккомуникациақәа. Мрагыларатәи афронт аибашьцәа рылшамҭақәа дуӡӡоуп Тамшь иӡхыҵыз адесант аԥылараҿы, ақырҭуа архәҭақәа ааха ӷәӷәа рыҭараҿы. Арҭ аидысларақәа раан ирацәаҩуп иҭахаз!

Ҷыдала ирылшаз рацәоуп аибашьра аҭоурых аҿы зхатә ҭыҧ аанызкыло Очамчыратәи ажәыларатә операциа, Кәачаратәи аоперациа иалахәыз ҳаибашьцәа. Очамчыреи Тҟәарчали ҕәҕәала реимадара, реицхыраара иабзоураны, азеиҧш стратегиатә усӡбатәқәа рынагӡара алнаршон Гәдоуҭа иҟаз Адҵаҟаҵаратә штаб Хада. Афронтқәа зегьы рымчқәа еибыҭаны ирылшеит аҕа хәымга Аҧсынтәыла иалцара. Афронтқәа реинырра, реимадара ахәшьара ҳаракы аиҭахьеит ҳарратә ԥыза ду, ҳҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба.

Хашҭра рықәым Аҧсны ахьыҧшымра, уи ахақәиҭра зыҧсҭазаара ахҭнызҵаз зегьы! Хашҭра рықәым ақырҭуа мпыҵахаларатә режим амаҵ азызуаз ацәгьауцәа иргәаҟны иршьыз аҭынч уааҧсыра!

Ҳхырхәоит урҭ зегьы ргәалашәара аҿаҧхьа! Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит афырхацәа ранацәа, рабацәа иаадырҧшыз ахамеигӡареи, ачҳареи, агәымшәареи рзы!

Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит абаҟа авторцәа, уи ашьақәыргылара знапы алакыз аргылаҩцәа, ари аус иазааԥсаз зегьы!
Нагӡара ақәзааит ихьыҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра! Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Ахьыҧшымреи 25 шықәса рхыҵра амш! Азҳареи- аихьӡареи амазааит хьӡи-ҧшеи згым Ҳаҧсадгьыл Аҧсынтәыла!
2.jpg

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org