Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

20.12.2022

Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.  

Ҳаҭыр зқәу Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа, аветеранцәа!
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра арыцхә.
Иуадаҩыз аибашьра аамҭазы иаԥҵоу арратә маҵзура атәыла анапхгара иаднаҵоз ауснагӡатәқәа хьыӡла-ԥшала инанагӡон.
Иахьа аҳәынҭқарра ашәарҭадара алыршара иазку шәара шәусура ареспублика атәылауааи асасцәеи шыхьчоу агәра днаргоит.
Апрофессионализм, ахачҳара, хаҭалатәи афырхаҵара – абарҭ аҟазшьақәа хымԥадатәиуп аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русураҟны.
Афырхаҵара зцу аусбарҭа аҭоурых адаҟьақәеи уи аусзуҩцәеи ҿырԥшыга бзиоуп уи иаҵагыло акадр ҿыцқәа рзы. Шәара шәусураҟны ҷыдала аҵак ду амоуп абиԥарақәа реимадара. Ари  аус ҭакԥхықәра дула иазнеиуеит зԥышәа дуи иреиӷьу рытрадициақәеи аусзуҩцәа ҿарацәа ирымаздо аветеранцәа.
Шәара шәмаҵзура ахаангьы аҭакԥхықәра дуи ашәарҭареи ацын. Хашҭра рықәым Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз аусзуҩцәа.
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аусзуҩцәа, аветеранцәа, аусбарҭа 30 шықәса ахыҵра арыцхә инамаданы, снапы аҵазҩит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳаҭыри аҵаки символра рзызуа абираҟ аԥҵаразы Аусԥҟа.

Зегьы хаҭа-хаҭала иҭабуп шәасҳәоит гәык-ԥсык ала, ламысцқьала ҳ-Аԥсадгьыл ахьчара иазкны имҩаԥыжәго амаҵзуразы.
Ишәзеиӷьасшьоит аринахсыгьы аихьӡарақәа, ахирра.

АХАДА              А.БЖЬАНИА
Аҟәа ақ.
2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 20

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org