Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рахь Ааԥхьара ҟаиҵеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар рахь Ааԥхьара ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Акыр иаҧсоу аҩызцәа!
Алхрақәа раан сара ажәа шәысҭеит, сыгәра ганы зыбжьы сызҭаз исылшаз, сзыхьӡаз, сызхьымӡаз атәы шшәасҳәало азы.
Иахьа ари сажәа насыгӡоит.
Иахьатәи аиԥылара ҳалагаанӡа афымцамч аҭагылазаашьа инамаданы ҳтәылауаа рахь афымцамчла аиқәыршәара инамаданы иҟоу аҭагылазаашьа атәы расҳәарц сҭахуп. Афымцамч арцәара ҳтәылауаа акыр ауадаҩра иҭанаргылеит. Зегьы ибзианы ижәдыруеит «Аҽгәара» ацәаҳәаҟны иҟалаз амашәыр атәы. Урҭ амзызқәа раԥыхразы иаҭаху аматериал еидкылан, арҽеиратә усурақәа цонаҵы афымцамч аашьҭра атәы еибырҳәахьан, арҽеиратә-монтажтә усурақәа хацыркын, урҭ иарбаз аҿҳәара иаԥысуа иаауан. Аха ҳара иҳадҳәаламыз аҭагылазаашьа иахҟьаны афымцамч аашьҭразы иарбаз аамҭа 15 мшы раԥхьа иаанкылан. Рыцҳарас иҟалаз, арҽеиратә усурақәа мҽхакы ҭбаала рхыркәшара залымшахеит. Ҳазҭагылоу аамҭазы арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгаразы аамҭа ҿыц шьақәыргылоуп, урҭ хара имгакәа ихыркәшахоит. Аамҭа-аамҭала афымцамч арцәара мҩаԥысуеит афымцамч аагара анзалыршамхо аспециалистцәа русурақәа рхыркәшара иахьӡарц азы.
Адунеи аҟны имҩаԥысуа ахҭыскәа инарымаданы акрызҵазкуа, насгьы иактуалтәу зҵаароуп ҳтәыла ашәарҭадара азҵаара.
Ҩышықәсеи бжаки ҵит смаҵура сахагылеижьҭеи. Имариамызт арҭ ашықәсқәа. Раҧхьа иргыланы, адунеи зегьы еиҧш, ҳара ҳтәылагьы короновирустә ҿкычымазара алаҵәеит. Ҳамчқәа зегьы ари акризис аиааира иазаҳкыр акәхеит. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ачымазара аҿагылараҟны ҳауаажәлар ацхыраара рызҭаз – ҳнаплакҩцәа, аволонтиорцәа, егьырҭ, хазы имгылакәа, ирылшоз ала ацхыраара ҟазҵоз Аҧсны ауааҧсыра зегьы.
Апандемиа ауадаҩрақәа маҷымкәа ишцәырнагазгьы, ҳусура аанкыламызт. 2021 шықәсазы аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа раҧхьаӡа акәны атәыла абиуџьет апрофицит аҟынӡа ихагалан, аплан арбагақәа зегьы анагӡара ҳалшеит. Агәра ганы ҳаҟоуп сынтәагьы ари атенденциа аҽаҧсахӡом ҳәа.
Ацхыраара зҭахыз хә-нызықьҩык Аҧсны ауааҧсыра рыхьӡала абиуџьет аҟнытә иазоужьуп 700 миллион мааҭ рҟынӡа, ари иҵегьы ацҵара ҳазхәыцуеит.
Ихадароу уснагӡатәны ҳҿаҧхьа иқәгылоуп ҳауаажәлар реиҧш, ҳреспублика иаҭаауа асасцәа рзинлеишәа аиҿкаареи ршәарҭадара алыршареи.
Ари аамҭа иалагӡаны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҳаамҭазтәи атехникала еиқәыршәоуп, ари ацәгьоура ахкқәак рҿагылараҟны аҭагылазаашьа аиҕьтәра алнаршеит.
Ашәарҭадара – аинвестициатә ҳауазы зыда ҧсыхәа ыҟам акоуп, уеигәырҕьартә иҟоуп аинвесторцәа ҳтәыла зҿлымҳара арҭо иахьалагаз. Ҳара амшын баҕәазақәа ҩба ҳамоуп, атранзиттә лшарақәа ыҟоуп, иахьа аҳаиртә баҕәаза аартразы аусурақәа мҩаҧаҳгоит, апрокт аиқәыршәаразы аконтракт иаҵаҩуп, азыҟаҵаратә усурақәа цоит. Иарбоу аҿҳәара иахымгакәа аҳаиртә баҕәаза аартра ҳалшап ҳәа сгәы иаангоит.
Аинвестициатә проект ду аусура иаларгоуп Очамчыра араион аҟны, 2023 шықәсазы араион 200 инарзынаҧшуа усурҭа ҭыҧ аиуеит, ари абиуџьет акырӡа иазнарҳауеит. Егьырҭ араионқәа рыҟны ари аамҭа иалагӡаны иаартуп атуристтә обиектқәа жәпакы, ари алыршахеит хазхаҭалатәи аинвестициақәа ирыбзоураны. Аԥсны араионқәа жәпакы рыҟны аинвестициатә проектқәа аус руеит, иахьатәи аиԥылараҟны урҭ ртәы салацәажәоит, иара убас иаартуп атуристтә хыбрақәа, урҭ алыршахеит хазхаҭалатәи аинвестициақәа ирыбзоураны. Ус анакәха, ҳтәыла агәра ргоит.
Ари иаҳәоит ҳтәыла агәра шырго атәы.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар,
Арҭ ашықәсқәа зегьы шәаргьы ҳаргьы ҳаидгылан, избон шәара шәганахьала исымаз адгылара. Сара аиҿцәажәара сазхиоуп есқьынгьы, аҵҵҕәы змоу акритикагьы сазыӡырҩуеит, ҳреспубликазы хра злоу азҵаарақәа рылацәажәареи, урҭ рыӡбаразы ҳауаажәлар реиҧш, аппозициа аганахьалагьы иҟоу агәаанагарақәа рзыӡырҩреи срызхиоуп.
Сара ҳажәлар зегьы рҿаҧхьа ҭоуба зуит, уи аҭоуба сагьықәныҟәоит, зегьы ргәы иҵхо саҳар сҭахуп, конструктвила аусеицура згәы иҭоу аус рыцызуеит.
Иахьа ҳнапы иану аусқәа рынагӡаразы аусура хацҳаркит, ҳаҧхьаҟа иҵегьы аус дуқәа шьҭоуп, имаҷым аекономика змырҕьацо апроблемақәа: аквалификациа змоу аусуҩцәа рзымхара, фымцала аиқәыршәара иацу ауадаҩарақәа, аусурадара, ашәшьыра иҵоу асектор, аалыҵ аҭираҟны иҟоу аҧырхагақәа.
Аха илаҳхыз амҩа ҳацәхьаҵраны ҳаҟаӡам. Аҧсуа ҳәынҭқарра ашьаҭақәа рышьақәырҕәҕәара, ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа реиқәырхара амҩа ҳанызаауеит. Иара убас ҳара ҳзы иаарту рзы ҳаргьы ҳаартызароуп.
Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еицакра рымамзароуп.
Кавказа зегьы аҟны аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи апроцесс аҟны Аҧсны акрызҵазкуа аҭыҧ ааннакылоит. Ҳаргьы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит аринахысгьы аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа арҭ аҩ-тәылак ирықәынхо ажәларқәа ирзеиҕьу аҵакыла ахарҭәааразы.
Акыр иаҧсоу аҩызцәа,
Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы ҳара иҳалшеит афинанс-економикатәи абанктәи усхкқәа рыҟны, агәабзиарахьчареи акультуреи рыҟны, атәылахьчареи ашәарҭадараеи рхырхарҭала, аӡбаратә системаҟны, аконституциатә закәанҧҵараҟны аиҭакрақәа жәпакы ралагалара.
Зегь раасҭа ихадароу, иҟаз ауадаҩрақәа акыр ҳариааины аҧхьҟатәи аҿиаразы ауасхыр ашьҭаҵара ҳалшеит. Иахьа ҳара шьҭа аҧхьаҟа ҳәа ҳхәыцуеит.
Атәылаҟны аекономика аҿиара иаԥырхагоу апроблемақәа рацәоуп макьана:зыквалификациа ҳараку аусуцәа разымхара, фымцамчла аиқәыршәара иацу апроблемақәа, аусурҭадара, ашәшьыра иҵоу асектор, аалыҵ аҭира амаҷра. Ҳара аус заауа ҳхәыҷқәа рԥеиԥш ачаԥаразоуп, ҳажәлар рзы ҳтәыла анхаразы иманшәалазароуп, ршәарҭадара хьчазароуп, зегьы иреиӷьыршьо ҭыԥзароуп.
Ҳара ашьҭахара ҳалҵны аҿиара амҩа ҳануп. Илаҳхыз амҩа ацәхьаҵра азин ҳамаӡам. Ари амҩаҟны ҳҳәынҭқарра ашьаҭақәа ҳарӷәӷәалароуп, ҳқьабзқәеи ҳҵасқәеи еиқҳархароуп. Ҳара ҳзы иаарту, ҳазхазҵо изы, аус ҳацура зҭаху, зыгәрагоу, аизыҟазаашьа иашақәа ҳабжьаҵара иашьҭоу рзы ҳаартызароуп.
(Иацу ыҟоуп)