Ахада иажәахәқәа

Ахада ин.н. Аҧсны жәлар рышҟа иҟаиҵаз ааҧхьара

Ажьырныҳәамза 13 рзы  Аҧсны  Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аҧсны жәлар рышҟа ааҧхьара ҟаиҵеит.

Ааҧхьараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада изинмчқәа анышьҭаиҵа, Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡаразы азинмчы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр иахь ииасуеит. Убри инамаданы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара сара исуалҧшьахоит».

Возврат к списку