Ахада ин.н. Аҧсны жәлар рышҟа иҟаиҵаз ааҧхьара
Ажьырныҳәамза 13 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аҧсны жәлар рышҟа ааҧхьара ҟаиҵеит.
Ааҧхьараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахада изинмчқәа анышьҭаиҵа, Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡаразы азинмчы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр иахь ииасуеит. Убри инамаданы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара сара исуалҧшьахоит».