24.07.2019
Ҧхынгәымза 24 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ареспубликатә политикатә партиа "Аҧсны жәлар ракзаара Афорум" аизараҟны дықәгылеит.
Ҳаҭыр зқәу аизара ду аделегатцәа! Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Сара изныкымкәа сықәгылахьеит шәҿаҧхьа. 13 шықәса ҳтәыла аполитикатә ҧсҭазаараҿы ихадароу аҭыҧ ааннакылоит Аҧсны жәлар ракзаара Афорум. Ари апартиа ароли, амчи, анырреи шыҕәҕәац иаанхоит. Афорум иалоу ауаа иаҳа иахьеиҕьу, иахьыманшәалоу ҳәа даҽаџьара ииасуам. Урҭ рзы ихадароуп рыҧсадгьыл алахьынҵа, азеиҧш-милаҭтә зҵаарақәа.
Шәышҟа схы нарханы исҳәоз ажәа темас изызкызаалакь, шәҿаҧхьа саартын. Срылацәажәон сгәы иҭыхоз, ҳажәлари, ҳаҧсадгьыли, ҳҳәынҭқарреи реиқәырхара, реизырҳара иазкыз апроблемақәа. Иахьагьы ҩаҧхьа шәышҟа сшәацәажәарц зысҭаххаз, исҳәац аиҭаҳәаразын, исылшаз-исылымшаз азы схы сырқьиарц азы акәӡам.
Иахьатәи сықәгылара аҵак ҷыда, аҭакҧхықәра ҳаракы змоу акеиҧш сахәаҧшуеит. Избанзар шәара шәеиҧш, саргьы сгылоуп иацтәи ахҭысқәеи уаҵәтәи ҳҧеиҧши рыбжьара, урҭ рҳәааҿы. Ҳаҧхьа ишьҭоуп алхрақәа - ихьанҭоу даҽа ҧышәарак. Имаҷҩым ҧсҭазааратә ҧышәа дук рымамзаргьы, аполитика ду аҿы зхы ҧызшәар зҭаху. Уи џьашьатәӡам. Иаҳҭахы-иаҳҭахым, Аҧсны ишьақәгылаз аполитикатә система азин рнаҭоит хазы игоу ауаа, апартиатә ҧхьагылаҩцәа, ихьыҧшым акандидатцәа иреиҳаӡоу амчрахь анеира, уи аҽазышәара.
Аха рыцҳарас иҟалаз, ҳара иахьа алхрақәа рахь ҳхы ҳархеит жәлала, шьҭрала. Џьоукы агәаанагара рымоуп ҳажәлантәқәа ҳрыдгылароуп ҳәа. Ус анакәха, алхратә процесс даара иуадаҩхоит. Насгьы изеиҧшрахоузеи жәлала-жьрацәарала иҳаргыло аҳәынҭқарра?
Урҭқәа зегьы маҷ-маҷ демократиатә традициак аҳасабала ишьақәгылозар, ҳаҿиара иахәозар, усҟан – изыдгылатәу усуп. Аха алхрақәа раан ауаажәларра-ҳәынҭқарратә интерес аасҭа, ахатәы интерес, акорпоративтә-гәыҧтә, аижьрацәаратә знеишьақәа иаҳа аҧыжәара роуа иалагар, иаҳцәагоузеи ҳәа, аимҵакьачара ҳахәмаруазшәа, аицлабрахь ҳаиасыр, усҟан ҳаҿиара, ҳаизҳара рацәак иамыхәоушәа збоит. Аха урҭқәа – аамҭа иаҳнарбап. Имаҷым иаҳнарбахьоугьы. Ҧсоуи Егри рыбжьара зегь лабҿабоуп, акагьы узыҵәахуам – абзиагьы убоит, ишубо еиҧш, ацәгьагьы, ҳатрадициатә дунеихәаҧшра иаднамкыло ацәырҵрақәагьы.
Ииасыз ҭоурыхтә аамҭа-хҵәахак хатәы хәшьарак аҭара злымшо дарбанзаалакь алидер, ицәыуадаҩхоит ҧхьаҟатәи ҳҧеиҧш алацәажәарагьы. Хәышықәса рыла ҳажәлар сыгәра ганы снапы ианырҵаз аусӡбатәқәа рынагӡараҿы, абзиеи- ацәгьеи, аихьӡарақәеи- агхақәеи еиҿырҧшны, лкаак аҟаҵара сылымшозҭгьы, насгьы ҳаҧхьаҟа иналукааша еиҭакрақәак ирызку шьаҿақәак, мҩақәак, концептуалтә знеишьақәак азгәаҭаны исымамзар иахьанӡа, – иҟаларын, лакҩакрак ҟамҵакәа, ари атрибунахь ааира сцәыуадаҩхаргьы.
Среиуам агхақәа гәхьаамкрыла ирызнеиуа, «ҳаихалап уахь, иҟало аабап...» ҳәа згәы зырҭынчуа, аинерциа зҽанызраало џьоукы-џьоукы амаҵурауаа. Ҳаҧхьаҟа хымҧада, насгьы шьаҭанкыла абригь-абригь ҧсахтәуп ҳәа агәаанагара сыманы ҩаҧхьа алхрақәа рышҟа схы сырхозар, – ус анакәха, акырынтә ишәа-иза, икапанны сазнеиуеит сызныло амҩа. Експеримент ҳасабла аҳәынҭқарреи ажәлари рлахьынҵа азныҟәара азин имам аӡәгьы: хаҭала саргьы, анапхгарахь зхы зырхо даҽа политикцәақәакгьы.
Аха иара убри аамҭазы, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан, напхгара ззызуа аиҳабыреи сареи ҳазнысыз амҩа ахә ларҟәны исызшьом,– анегатив ада акагьы збар зҭахым ргәы сырҭынчуеит ҳәа хықәкыс иҟаҵаны.
Обиективла ахәшьара зылшо ирымбарц залшом иҵоуроу атенденциақәа акырӡа ишеиҳаз аиҵахарақәа, ахьысҳарақәа раасҭа. Иашоуп, ҳара ишаҳҭаху еиҧш ицом аҿиаратә темпқәа. Аха иҟоуп ҳара ҳамч зқәымхо адәныҟа-политикатә, акризистә цәырҵрақәагьы. Урҭ џьара иҳацрамсыр залшом. Ишырҳәо еиҧш, адунеи амаа ҳара иаҳкым. Урыстәыла асанкциақәа рмацәаз иҭакны, ҳара наныкьара ҳәа ишаҳҭаху ҳзыҟалом, избанзар аҩ-ҳәынҭқаррак рекономикақәа ирымоу диагнозк ауп, хкы-рацәала ҳаимадоуп, ҳашьхәақәа еивҵоуп.
Ҳәарас иаҭахузеи, ахатә лыҵшәа аанашьҭит аҩныҵҟатәи арезерв, ахатә ресурсқәа рыҧшаара азҿлымҳара ахьаҳҭоз. Макьанагьы уи хырҩа азҭо, Аҧсны ҕарушәа, ахала ахы азныҟәымгоушәа адыҧшыларатә знеишьа зҽадызцәыло ачынуаа шмаҷҩымгьы. Сара уаанӡагьы исҳәон, иахьагьы исҳәоит: шьаҿа-шьаҿала акәзаргьы, ҳара ҳаиасроуп аҳәынҭқарра ахала ахы ныҟәнагартә ихьыҧшым аекономикатә политика амҩаҧгарахь. Аибашьраан ҳхы ҳамеигӡеит, ашьа каҳҭәеит. Аҭынч ҧсҭазаара анҳау, ҧхӡыкгьы ҳалаҳхырц ҳҭахӡам. Мамзар, ҳааҟәымҵӡакәа зыӡбахә ҳҳәало «ҳхьыҧшымрагьы» – баша зеиҧш декларациатә ҳәамҭахар алшоит. Лозунг мацарала хара ҳазцом.
Иҟәнаҳшьо, ҳазцәыҧхашьо шьаҿам – аконституциатә-усӡбаратә реформақәа рганахьала иалыршахаз аихьӡарақәа. Азинтә ҳәынҭқарра ҳаргылозар, уи иамазароуп Аконституциатә усӡбарҭа еиҧш иҟоу азинтә мыругагьы. Ари атәы рҳәон ҳара ҳааиааинӡа, быжь-шықәса раҧхьагьы. Аха ари раҧхьатәи иреалтәу ашьаҿақәа ируакуп. Иара убас раҧхьаӡа акәны иалагалахеит аусӡбаратә приставцәа ринститут. Уи ыҟамкәа, изыҟалом анагӡаратә леишәа. Абасала, маҷ-маҷ акәзаргьы ақьаад аҟынтә, аус ахь ииагахеит азакәанҧҵаратә механизмқәа. Сгәанала, ииашам, ҵаҵҕәы рымам аҭыҧантәи аусбарҭақәа рзин ҿаҟәоуп ҳәа хыхь-хыхьла ацәажәарақәа. Даҽакы иамусуп, урҭ ианырцәеилаҩашьо рхатә уалҧшьақәеи, конституциала дара зынӡаск ирыҵанамкуа, апартиатә-политикатә интересқәаки ирызхәыцны, аамҭала рҽыззыркло аусқәеи. Ирҧырхагада иаҳҳәап, араионтәи ақалақьтәи еизарақәа арекламатә ҩырақәа рҿы аҧсуа бызшәа ахархәашьа, ақалақьқәа рҿы аргылара – архитектуратә нормақәа реилагара аконтроль азураҿы?
Шьаҿа-ҕәҕәак ҟаҵан амилаҭтә биуџьет 5 миллиардк рҟынӡа аизырҳараҿы. Сгәы иаанагоит аринахысгьы даара инарҵауланы иазнеилатәуп ҳәа абиуџьеттә политика, уи иреиҕьу ҳекспертцәа адыҧхьалауа. Уи ианыҧшроуп иҳамоу-иҳахӡу, ҳхарџьқәа, ҳхашәалақәа, ҳсоциалтә ҭахрақәа. Рхала иҟамлеит абанктә системаҿы аргама имҩаҧысыз аиҭакрақәа. Зегьы ирдыруазароуп, абанк ҳаҵаҕьычуа, аҳәынҭқарра ҳаҵаҕьычуа, џьоук ажәлар рмал иалаҭхаџьуа, ҽа џьоукы рҭаацәа рызныҟәымго аҟынӡа иҕархо - ахымҩаҧгашьа азин шимам дарбанзаалакь ачынуаҩ. Досу иқәнага дақәыршәахароуп. Аӡәгьы игәы иаанамгароуп, кашырроуп, ишәҭаху ҟашәҵала ҳәа Аҳәынҭқарра анапхгара акоррупциа рҽандыршәеит. Иҵегь иҳарҕәҕәароуп акоррупциа, ацәгьоура бааҧсқәа рҿагылара иазку азакәанқәа. Уи аганахьала Апарламент ахь инаҳашьҭхьоу ашәҟәқәагьы баша ишьҭаҵаны рыхәаҧшра азин ҳамаӡам. Аҧыжәара роуроуп адепутатцәа раҧшьгарақәа. Ргәы иамжьароуп аҳәынҭқарраҿы – азинхьчаҩгьы аҕьычгьы зинла еиҟароуп ҳәа ихәыцны, азакәандара амҩахь, акриминализациа амҩахь ҳхы зырхар зҭаху амчрақәа. Уи ҳтәыла аҳаҭыр лазырҟәуа, аҳәынҭқарратә идеологиа ҵызшәаауа знеишьоуп. Уи аҿагыларагьы зегьы иаҳзеиҧш уалуп: Аҳәынҭқарра Ахадагьы, Апрокуроргьы, аҳәынҭқарра шьагәыҭс иамоу ҳауаажәларгьы. Арҭ ишәарҭоу ацәгьаурақәа рҿагылараҿы иҟаҵоу макьана ишазымхо зеиҕьаҭам ала еилыскаауеит. Акриминал иаҿагыланы ақәҧараҿы хьаҵрак ҟамлароуп. Убри азын иҵегь ирҕәҕәатәуп амчратә еилазаарақәа, ишьҭыхтәуп урҭ рымч-рылша, рыквалификациа, руаажәларратә статус! Амчратә усбарҭақәа ирыҵаргылатәуп Урыстәылантәи ихынҳәуа аспециалистцәа ҿарацәа!
Аҿиаратә тенденциақәа сеиҭарзыхынҳәуа, иазгәасҭарц сҭахуп, аинвестпрограмма ацхыраарала аусура ишаларгахаз имаҷымкәа аарыхратә наплак-маҷқәа, еиҳаракгьы ақыҭанхамҩатә ҟазшьа змоу. Аҳәынҭқарратә сектор аагозар, акырӡа аҽарҭбааит Риҵатәи амилаҭтә парк, Пицундатәи акурорттә еидҵара, Афонҿыцтәи аҳаҧытә комплекс уҳәа ҳтуристтә индустриа алокомотивқәа русура амҽхак, абиуџьет ашҟа урҭ рыхәҭа-лагалақәа.
Ааи, араҟа иааҧшит арҭ анаплакқәа рнапхгара хаҭалатәи рҭакҧхықәратә знеишьа. Аха, иаҳҳәап иаахтны, аус ауит Аҧсны анапхгара рҟынтә ахылаҧшратә леишәа, уала-ҭахыла акәымкәа, ҳәынҭқарратә принципла аизыҟазаашьа.
Ҳара кырӡа ҳзызҿлымҳау приоритетны иҟоуп адәныҟатәи аинвестициақәа рымҽхак арҭбаара. Иаҳҭахуп абизнес-уаа нагақәа рмал-ршьал рыманы Аҧсныҟа имҩахыҵырц. Ааи, урҭ иџьанаҭ-ҭыҧу ҳаҧсадгьыл аҿы апроект шьахәқәа аладырҵәар рҭахуп. Аха ҳашҧарызныҟәо дара: рҧара-ршьара ҳхы иархәаны, нас «шәхы ахьынахо шәца» ҳәа ҳнарыҵаҟьоит. Абасала аинвестициатә политика еилызкаауа џьоукы-џьоукы ирдыруазароуп, рхымҩаҧгашьала ишҵыршәаауа ҳҳәынҭқарра зықәгылоу ауасхыр, насгьы асеиҧш иҟоу афактқәа хымҧада ишрықәыӡбахо.
Сара сҽалазгалом араионқәеи ақалақьқәеи ринфраструктура арҿыцраҿы ҳзыхьӡаз, ҳазхьымӡаз. Аха араҟа зшьапы ку аусқәа, ишьҭаҵоу ауасхыр, алшара ҳарҭоит даҽа шықәсқәак рыла аҵаратә-ааӡаратә, асоциалтә-гәабзиарахьчаратә, аграртә, афымцамчтә хырхарҭақәа уҳәа, ҕәҕәала реиҭашьақәыргыларазы.
Иазгәасҭарц сҭахуп, иахьатәи ҳаҿиарамҩаҿгьы, уаҵәтәи ҳаизҳараҿгьы ҳара ҳалшарақәа ҩбазтәуа шьаҟа-ҕәҕәаны ишҳамоу ҳастратегиатә дгылаҩ ду Урыстәылеи ҳареи ҳусеицура. Ишыжәдыруеиҧш, зынӡаск имариамызт Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра ҿыц иаҧсоу, ишәоу-изоу авариант азкылсра. Аҵыхәтәаны иҳалшеит ҳсуверенитет зыхьчо, ҳконституциа амчра змырҧсыҽуа апроект ацәыргара. Уи Ахада Иадминистрациа мацара иабзоуроу документым, араҟа еилыхха иааҧшит Ахадеи Апарламенти русеицура алҵшәа. Иахьа ари аиқәшаҳаҭра ҳақәныҟәаны, Урыстәылеи ҳареи иҟаҳҵо ашьаҿақәа реалла иубартә иҟалеит: асоциалтә-економикатә, арратә-стратегиатә, азинхьчаратә, акультуратә-ҭҵаарадырратә уҳәа хырхарҭақәа рҿы. Аус злоу– ари аидгылара амчхара, анырра еилыхха иааҧшит Аҧсны ашәарҭадара аиқәырхара аус аҿы. Ихьчоуп ҳҳәаақәа. Ихьчоуп ҳмилаҭтә дунеижәларбжьаратә интерес. Сгәы иаанагоит, ҳҳәынҭқарратә суверенитети, ҳажәлар рлахьынҵеи хаҭала иналукааша адунеитә ҧхьагылаҩ Владимир Путин илаҧш ахьаху– патула изызныҟәатәу, ҟәышрыла ахархәара ззутәу факторуп ҳәа. Иҟан аамҭақәак уаанӡатәи Урыстәыла анапхгара Аҧсны ианақәымчуаз, ақырҭуа шовинистцәеи, урҭ аҳәаанырцәтәи рыдгылаҩцәеи ргәы иахәап ҳәа. Уи бзианы ишәгәалашәоиит ара итәоу шәеиҳараҩык. Урыстәыла Ахада ибзоураноуп ҳаҧхьаҟа аусура ишаларгахо Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баҕәазеи, Урыстәылантәи Аҧсныҟа круизла имҩахыҵраны иҟоу аҕбақәеи ирыдҳәалоу апроект дуқәа.
Иаҳа –иаҳа изызҳауа Урыстәылеи ҳареи ҳдипломатиатә еигәныҩрақәа иахьрыбзоуроу рацәоуп иара убас иналукааша хҭысны иҟалаз Шьамтәылеи Аҧсни ирыбжьалаз азхеибаҵаратә еиқәшаҳаҭрақәа.Ҳҳәынҭқарра жәларбжьаратәи амчхареи аҳаҭыри рышьҭыҵразы ари ахҭыс ҟалеит зеиҕьаҭам шьаҿа-ҕәҕәаны.
Аҳәынҭқарра аидеологиа атрибут хадақәа ракәны иҟан, иагьаанхароуп: аҳәынҭқарратә бызшәа амҽхак арҭбаара, шәышықәсалатәи ҳҭоурых, ҳгеографиа, ҳкартографиа, ижәытәӡоу ҳбаҟақәа реиқәырхара, реизырҳара, ҳатрадициатә культура ииашаны аӡыргара, амилаҭтә ҭҵаарадырреи, апедагогикеи алитературеи аҟазареи рнырра ашьҭыхра, ҳуниверситеттә-академиатә ҵара ахаҭабзиара акырӡа аиҕьтәра, агәцаракра. Иаахтны иаҳҳәап, макьана ихьысҳауп аҵареи аҟазареи ркорифеицәа ирыҵагылаша аспециалистцәа ҿарацәа реиҵааӡара аус. Иазхәыцтәуп уи системала ашьақәыргылара апроблема, иахәҭоу аҳәынҭқарратә харџьқәагьы азыҧхьагәаҭаны. Ус анакәымха, изыҟалом ихаҭәаау, узықәгәыҕша аҿиара, аизҳара,– иҕархоит амилаҭтә интеллектуалтә потенциал.
Гәҭакыс иҳамоуп аус зуа азакәанҧҵара инақәыршәаны Аҳәынҭқарратә бызшәа апрограмма ҿыц аус адулара. Уи азы снапы аҵазҩит Аусҧҟа ҷыда. Иаҧҵоуп аҳәынҭқарратә комиссиа. Апрограмма баша декларацианы иҟамлароуп. Уи ахәҭаҷқәа зегьы ирзыҧҵәахароуп биуџьетла анагӡаратә хыҵхырҭақәа. Уажәы аполитикатә Олимп ахь ацәырҵра иадҽырбало џьоукы-џьоукы рҟынтә лассы-лассы иҳаҳауа иалагеит ачынуаа, ҳтәыла анапхгара рзы аҧсуа бызшәа адырра хымҧадатәны иҟамлароуп, уи рацәак адемократиатә хәаҧшрақәа ирышьашәалам ҳәа аҳәамҭақәа. Ари дкылашьа змам гәаанагароуп. Зхатәы бызшәа заҭәазымшьо амаҵурауаҩ иҳәынҭқарратә дунеихәаҧшрагьы агәрагара уадаҩуп. Ари меркантилтә знеишьала акәымкәа, хдыррала, ҟәыҕарыла еилкаатәу, зсоциалтә актуалра шьарда иҳараку проблемоуп.
Иара убас шьаҭанкыла иҧсаххароуп адемографиатә зҵаарақәа рызнеишьа, ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәра амҽхак ҭбаахарц азы ишьақәыргылатәны ҳаҧхьа ишьҭоуп акомплекстә программа ду. Абарҭқәа зегьы илаҧш ҷыда рхын Аҧсны аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба. Избанзар аамҭақәа рӡыблара далҧшны ибон аҳәынҭқарра амилаҭтә шьагәыҭ ануашәшәыраха – ишуашәшәырахо иара аперспективагьы, адунеитә цивилизациа ахыҵхырҭа здацқәа аларсу аҧсуа етнос аҭоурыхтә лахьынҵагьы. Ҳара иаҳуалҧшьоуп Владислав ду иидеиақәа раларҵәаразы иҳалшо зегь аҟаҵара!
Сажәа хыркәшо, иалыскаарц сҭахуп ҳаҧхьа ишьҭоу аҩныҵҟатәи адәныҟатәи ахырхарҭақәа:
Иреиҕьу аекспертцәа адыҧхьаланы ус адулахароуп Аҧсны аекономика адиверсификациа апроблема.
Иахәҭоу афинанстә хыҵхырҭақәа ҧшааны, шьаҭанкыла иҧсаххароуп Аҧсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи егьырҭ амчратә усбарҭақәеи реилазаарақәа.
Иазгәаҭахароуп акриминал аҿагылара иазку иҷыдоу ашьаҿақәа ркомплекс.
Анапхгараҭаратә система арҿыцра хықәкыс иҟаҵаны, аиҳабыра реилазаараҿы имҩаҧгахароуп ахаҭабзиаратә кадртә еиҭакрақәа, иқәгылоу аусӡбатә хадақәа ҳасаб рзуны.
Ирџьбаратәуп акоррупциа аҿагылара иазку азакәанҧҵаратә система.
Хымҧада инагӡатәуп аус адулара, насгьы адкылара Апарламент аҟны ишьҭоу «Аҳәынҭқарратә маҵзуразы» Азакәан апроект. Уи – амаҵурауаа рхашәалахәы аргамара алзыршо закәанҧҵаратә шьаҭаны иҟалароуп.
Аус адуланы ишьақәырҕәҕәахароуп атәыла адемографиатә шәарҭадара аҳәынҭқарратә программа.
Иалыршахароуп аҳәынҭқарратә тәанчаратә реформа.
Арепатриациа Аминистрра аус аднаулароуп аекономикатә ҵаҵҕәы змоу аҳәынҭқарратә программа ҷыда. Ари апроблема амҽхак арҭбааразы Апрофильтә министрра аусура иадыҧхьалахароуп егьырҭ аҳәынҭқарратә еилазаарақәеи, араионтәи ақалақьтәи администрациақәеи.
Иҟоу азакәан инақәыршәаны, аларҵәара напы аркхароуп аҳәынҭқарратә бызшәатә программа, уи иақәнагоу афинанстә хыҵхырҭақәа азыҧшааны.
Шьаҭанкыла иҧсаххароуп аҧсуа школқәеи ахәыҷ- баҳчақәеи рҿы аҳәынҭқарратә бызшәала амаҭәарқәа рызнагашьа асистема; Аус адулатәуп ашколтә реформа алзыршаша апрограмма ҿыц;
Рымҽхак ҭбаахароуп аҧсуа-абаза-адыга еизыҟазаашьақәа.
Аиҳабыра иаздырхиароуп, иагьышьақәдырҕәҕәароуп аҿартә политикеи аспорти рымҽхак арҭбааразы апрограмма ҷыда.
Иазгәаҭахароуп аҧсуа қыҭа аиқәырхареи уи асоциалтә инфраструктура ашьақәыргылареи рҳәынҭқарратә план хада.
Уаанӡа ишысҳәахьо еиҧш, сара сзы имариамызт ҩынтәны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура ду ашҟа скандидатура ақәыргылара. Избанзар, зегь реиҳа сгәы змырҭынчуа зҵаароуп, исылшо исылымшо шьаҭанкыла иӡбатәу асоциалтә-бзазаратәи астратегиатәи проблема дуқәа рыӡбара. Аха аамҭеи, схазы иҟасҵаз анализи, исымоу акыршықәсалатәи анапхгаратә ҧышәеи исыҵарҳәоит сызҵаара хада аҭак: исылшоит.
Сара сақәгәыҕуеит шәара исышәҭо адгылара, агәрагара. Сгәы иаанагоит шәареи ҳареи ҳазну амҩа ҳанысып ҳәа хьыӡла-ҧшала!