Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада иажәахәқәа

24.01.2019

Ахада иқəгылара Уалид Маршьан ибаҟа аартра иазкыз аусмҩаҧгатə аҟны

Ахада иқəгылара Уалид Маршьан ибаҟа аартра иазкыз аусмҩаҧгатə аҟны

Ажьырныҳəа 24 рзы, Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ихы алаирхəит Шьамтəылатəи Арабтə Республика иналукааша арратəи ауаажəларратəи усзуҩ, аинрал Уалид Маршьан ибаҟа аартра иазкыз аусмҩаҧгатə.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит ари ахҭыс аҵак ду шамоу Аҧсны аҭоурыхи Шьамтәылеи ҳаҧсадгьыли реиҩызара арӷәӷәараҿы:

«Хаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Иахьа, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа агәҭаны, Аҧсадгьылахь ахынҳәразы Аминистрра аҿаҧхьа зыхьӡ кашәара ақәым аинрал Уалид Маршьан ибаҟа аартра-ари иналукааша хҭысуп Аҧсны аҭоурых аҿы, Шьамтәылеи Аҧсны аҳәынҭқарреи реиҩызаратә еимадарақәа рҭоурых аҿы.

Уалид Маршьан-Абаза, ҳажәлар ргәалашәараҿы даанхоит зџьынџь, зыҧсадгьыл Аҧсны алахьынҵа хьаас, гәҭыхас измаз, уи ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ирзықәҧоз ҵеи наганы, аиаша аиқәырхара иашьҭаз патриот дуны. Шьамтəылатәи Арабтə Республика ашәарҭа ианҭагылоз аамҭақәа рзы, Уалид хьаҵрак ҟамҵа деибашьуан агрессорцәа дырҿагыланы. Аибашьра ашоурамца уи далагылахьан зынӡаск дышқәыҧшыз. Иара илшамҭақәеи, иҧышәеи ҳасаб рзуны, инапы ианырҵахьан Шьамтəыла ашәарҭадаратә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩра, убас иҵегь иҳаракыз аҳәынҭқарратә уалҧшьақәа. Иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы азкын Шьамтәыла ҳәынҭқаррак аҳасабала аҭархара хықәкыс измаз адунеизегьтәи атеррористтә мчрақәа рҿагылара.

Араҟа, ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп, аишьцәа Маршьанаа ргәымшәара, рҕьеҩра, иззықәҧоз аус аҿы рхьамҵра атәы. Ус дыҟан Шьамтәыла иафырхаҵаз, аҧрыҩцәа раҧхьагылаҩ, аинрал, аескадрилиа акомандир Мамдыхә Маршьан Абаза. Уи ихьӡ Шьамтәыла ахақәиҭразы ақәҧара адокументалтә мшынҵа иануп, ишырҳәо еиҧш, хьтәы нбанла. Ҳара иаадыруеит, иахьа, Аҧсны инхо Шьараф Маршьан Абаза иџьабаақәа, иуаҩра, инамыс, иаҧсуара атәы. Ҳара иаадыруеит, Уалид иҷкәынцәа, иҭаацәара Сириа ирықәу апату атәы.

Ҳәарас иаҭахузеи, ҳара ҳзы акрызҵазкуа хҭысны, игәазырҳагоу ҿырҧштәы бзианы иҟалеит, Шьамтәыла инхо аҧсуааи, адыгааи рыжәҩахыр еидкыланы аҭоурых дуӡӡеи акультуреи змоу Арабтә ҳәынҭқарра ахьчаразы рхы иахьамеигӡаз, рыхәҭа ахьаларгалаз Шьамтәыла асуверенитет аиқәырхара. Ари иҵегь ишьҭнахит аҳәаанырцәтәи ҳаҧсуа диаспорақәа раҳаҭыр, рыхьӡ-рыҧша, иарҕәҕәеит адунеижәларбжьаратәи ҳара ҳпозициақәагьы.

Уалид Маршьан иеиҧш иҟаз афырхацәеи, Сириатәи ҳадиаспореи рхымҩаҧгашьа, ракзаара иахьабзоуроу рацәоуп Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵараҿы Шьамтәыла иаанарҧшыз адипломатиатә шьаҿа ҕәҕәақәагьы. Москвеи, Дамаски, Аҟәеи зызкылсыз ари аихьӡара ду-Аҧсны азхаҵара, иааира дууп ҳажәлар зегьы рзы. Ибзианы ишәгәалашәоит, ари аус аиҵаҟьаразы, шаҟа ҧырхага ҟарҵаз Қарҭаа. Аха, зымҽхак иаҳа-иаҳа иҭбаахо Аҧсны азхаҵара апроцесс уажәшьҭа мчыла аӡәгьы изынкылом.

Араҟа, ҳәарас иаҭахузеи, ароль ҷыда ааннакылеит Башар Асади Владимир Путини ари азҵаараҿы даҽазныкгьы реизыразра.

Сара ибзианы исгәалашәоит, Уалид Амаршьани сареи ҳаиқәшәарақәа, гәаартыла ҳаиҿцәажәарақәа. Даара хәарҭара рыланы иҟалеит усҟан иара иҳаҵеиҳәаз аҧшьгарақәагьы.

Иахьа, асимволтә ҵак-ду амоуп Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа рдоуҳатә ҧыза ду, иналукааша ҳпоет, ҳҵарауаҩ Омара Беигәа ибаҟа аҿаҧхьа иахьаартхо ар рҧыза ду, аинрал Уалид Амаршьан ибаҟагьы. Ари иҳанаҳәо, аҧсуа дахьыҟазаалак иаҧсуара бираҟҵас иҳаракны ишнеиго ауп! Аҧсуаа рдац-ҧашә ахаангьы ҧсра шақәым ауп! Хашҭра иқәымзааит Аҧсны аҵеи ду Уалид Маршьан Абаза. Нагӡара ақәзааит ҳаҧсадгьыл Аҧсынтәыла!».

A65A0912.JPGA65A1006.JPG

Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org