Адамыр Багаҭелиа «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз абнахылаԥшҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусҧҟа инапы аҵаиҩит Адамыр Багаҭелиа «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз абнахылаԥшҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы.
"Шықәсырацәалатәи иусуреи аҧсабарахьчара ауси, Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк Абнатә фонд ахьчареи, Аҧсны атәылауаа аекологиатә ааӡара рыларҵәареи рус аҟны илагаламҭазы Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Багаҭелиа Адамыр Чанҭа-иҧа ианашьазааит «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз абнахылаԥшҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы», - аҳәоит аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟа.