Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аккредитациа

Амассатә информациақәа рхархәагақәа ржурналистцәа агәраргага быҕьыц рыҭара мҩаҧысуеит Аҧсна Ахада Иусбарҭа амассатә информациақәа рхархәагақәа рымадарақәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы ила, Аҧсны Ахада, Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩы, Аҧсна Ахада Иусбарҭа русура аргамара хықәкыс иҟаҵаны, урҭ русуразы ауааҧсыра информациала реиқәыршәара, АИХ аус рыцура аиҕьтәра, ажурналистцәа Аҧсны Ахада, Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩы, Аҧсна Ахада Иусбарҭа русуразы иобиективтәу аинформациа аларҵәара иазку рыпрофессионалтә усуразы иақәнагоу аҭагылазаашьақәа раҧҵаразы.

Аҧсны Ахада иҟны ажурналистцәа агәраргага бҕьыц аиуразы азин рымоуп аус зуа ашәҟәы иҭагалоу АИХ, иара убас Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟны агәраргага шәҟәы зауз аҳәаанырцәтәи АИХ.

Агәраргага шәҟы есқьынагьтәизар ма зныктәизар ҟалоит.

Есқьынагьтәи агәраргага бҕьыц рыҭахоит шықәсык аҿҳәара аҭаны, иааиҧмырҟьаӡакәа Аҧсны Ахада, Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩы, Аҧсна Ахада Иусбарҭа русура аазырҧшуа АИХ ажурналистцәа.

Зныктәи агәраргага бҕьыц рыҭахоит ажурналистцәа мышкы ҳәа иалкаау адҵа анагӡаразы, Аҧсны Ахада, Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩы, Аҧсна Ахада Иусбарҭа русура аарҧшразы есқьынагьтәи агәраргага бҕьыц змоу ажурналист дычмазаҩхазар, аҧсшьара ма амаҵураныҟәара дыҟазар.

Агәраргага бҕьыц змоу ажурналист ирбагақәа агәраргагатә сиа ианҵахоит. Дарбанзаалак агәраргаага змоу ажурналист апресс-маҵзура агәраргагатә бҕьыц иоууеит. Агәраргагатә бҕьыци афотосахьа зцу аредакциатә ршаҳаҭгеи анеиццәыргаха уи Аҧсны Ахада, Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩы, Аҧсна Ахада Иусбарҭа иеиҿыркааз аусмҩаҧгатә ашҟа инашьҭхоит.

Аелектронтәи акьыҧхьтәи АИХ рымаҵ азызуа атехникатә персонал, афотокорреспондентцәа иара убас ирыҭахоит аккредитациатә бҕьыцқәа, уи абыжьҭаҩратәи, аҭыхгатәи, алашарбагатәи аппаратура аҩнагалареи аҩныгареи азин рыҭахоит Аҧсна Ахада Иусбарҭа ахыбраҿы игәаҭаны.

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org