12.06.2016
Владимир Путин Урыстәыла Амш идныҳәалара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.
11.06.2016
Москваҟа усуратә визитла
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва днеит усуратә визитла.
09.06.2016
Иашҭхәа ақыҭан ауааҧсыра рҧылара
Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан ауааҧсыра рҧылара.
09.06.2016
Ахада ипресс-маҵзура атәылауаҩ Д. Ҭаниа ишәҟәы ахцәажәарақәа
2016 шықәса лаҵарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа инеит ареферендум амҩаҧагаразы аҧшьгаратә гәыҧ анапхгаҩы иаҳасабала атәылауаҩ Д.Ҭаниа ишәҟәы.
09.06.2016
Ахра Бжьаниа ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара
Аҧсны Ахада Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ауаажәларра-политикатә усура активла иҽалархәразы, апарламентаризм аҿиараҟны илагаламҭазы Ахра Иури-иҧа Бжьаниа ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара.
08.06.2016
Аҧсны Амилаҭтә еизгатә команда алахәылаҩцәа аҳамҭақәа ранашьаразы аныҳәатә усмҩаҧгатә
Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә еизгатә команда алахәылаҩцәа аҳамҭақәа ранашьаразы аныҳәатә усмҩаҧгатә.
08.06.2016
Ашьапылампыл асразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә еизгатә команда иалахәу иранашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарра абаҩырҵәыреи аспорти рыҿиараҟны рлагаламҭа ду азы Ашьапылампыл асразы Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә еизгатә команда – ConIFA ахьӡала Ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионцәа иранашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара.
08.06.2016
Аҧсны аизгатә команда иалахәу ахәмарыҩцәеи азыҟаҵаҩцәеи рҧылара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны аизгатә команда иалахәу ахәмарыҩцәеи азыҟаҵаҩцәеи дырҧылеит.
07.06.2016
Ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат ConIFA аиҿкааратә еилакы злахәыз аилацәажәара
Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аусуратә еилацәажәара Ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат ConIFA аиҿкааратә еилакы алахәылаҩцәа алархәны.
07.06.2016
Адгәыр Лышәба Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс даҭоуп
Ахада Иусҧҟала Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс даҭоуп Адгәыр Нурбе-иҧа Лышәба.
05.06.2016
Ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат ConIFA аркра иазкыз аусмҩаҧгатә
Ахада Рауль Ҳаџьымба Ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат ConIFA аркреи аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭареи ирызкыз аусмҩаҧгатә далахәын.
05.06.2016
Ахада ипресс-маҵзура Ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат ConIFA ахцәажәарақәа
Гәахәарыла иазгәаҳҭоит Аҧсны имҩаҧсыуа Ашьапылампыл асразы 2016 шықәсазтәи адунеи ачемпионат ConIFA аҳәаанырцәтәи амассатә информациа хархәагақәа инарҭбааны иахьаадырҧшуа, ашьапылампыл бзиа избо зегьы ҳтәылаҟнеиҧш уи анҭыҵгьы зҿлымҳара ду ахьарҭо.
03.06.2016
Ауааҧсыра тәылауаҩшәҟәыла реиқәыршәара азҵаара иазкыз аилацәажәара
Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит Аҧсны ауааҧсыра тәылауаҩшәҟәыла реиқәыршәара азҵаара иазкыз аилацәажәара.
03.06.2016
Ашкол аушьҭымҭацәа рыдныҳәалара
Ахада Рауль Ҳаџьымба 2016 шықәсазтәи Аҧсны ашколқәа раушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.
02.06.2016
Руслан Ҭаркьыл ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” III аҩаӡара аорден
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба абаҩрҵәыреи аспорти рыҟны хаҭала иеихьӡара ҳаракқәа рзы ихьанҭоу атлетиказы СССР ачемпион Руслан Расим-иҧа Ҭаркьыл ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” III аҩаӡара аорден.
02.06.2016
Иаҵаҩуп араионқәеи ақалақьқәеи русбарҭақәа рхадацәа раҭаразы Аусҧҟа
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит араионқәеи ақалақьқәеи русбарҭақәа рхадацәа раҭаразы Аусҧҟа.
01.06.2016
Ареферендум амҩаҧгаразы Аусҧҟа иаҵаҩуп
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит ареферендум амҩаҧгаразы Аусҧҟа.
01.06.2016
Лев Кузнецов иҧылара
Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит усуратә визитла Аҧсныҟа иааз Аҩадатәи Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистр Лев Кузнецов.
30.05.2016
Алеқсандр Проханов иҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит иеицырдыруа аурыс шәҟәыҩҩы, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Алеқсандр Проханов.
29.05.2016
Ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат ConIFA аматч аҭаара
Ахада Рауль Ҳаџьымба даҭааит Ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат ConIFA аҳәаа иҭагӡаны Аҧсны Аҳәынҭқарра аизгатә команда актәи аматч.