Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Алада Уаҧстәыла Ареспубликаҟынтәи ицара иазкыз аофициалтә церемониа

27.11.2017

Ахада Алада Уаҧстәыла Ареспубликаҟынтәи ицара иазкыз аофициалтә церемониа

Абҵарамза 27 рзы Цхинвал ақалақь аҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәылатәи Ареспубликаҟынтәи ицара иазкыз аофициалтә церемониа мҩаҧысит.

Аҧсуа ган аҟынтәи ацеремониа иалахәын Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Даур Аршба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба, Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба.

Ауаҧс ган аҟынтәи иалахәын Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Игор Козаев, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Натали Гассиева, Ақыҭанхамҩа аминистр Лев Пухаев.

Абҵарамза 26-27 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәылатәи Ареспубликахь иофициалтә визит мҩаҧысит.

6I5A2871.JPG


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org