12.04.2016
Иаҧҵоуп Сергеи Дбар диижьҭеи 70-шықәсаҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара иазку акомиссиа
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала иаҧҵоуп иналукааша ауаажәларратә усзуҩы, Аҧсны афырхаҵа, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу Сергеи Платон-иҧа Дбар диижьҭеи 70-шықәсаҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи ирызку акомиссиа.
09.04.2016
Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аиааира амш идныҳәалара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идиныҳәалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира агара 71-тәи ашықәсхыҵра.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны лымкаала иҳәоуп:
09.04.2016
Ансамбль «Нальмэс» ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Кавказ ажәларқәа ркультуреи рхореографиатә ҟазареи рырҿиареи, апропаганда рзуреи, рырҕәҕәареи рзы Адыгеиа Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Нальмэс» ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара.
09.04.2016
Рауль Ҳаџьымба Тҟәарчал Амш иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Тҟәарчал ақалақь амш иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп.
08.04.2016
Пицундаҟа аусуратә ныҟәара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба усуратә ныҟәарала Пицунда даҭааит.
07.04.2016
ConIFA анапхгарала ашьапылампыл асразы Адунеи Ачемпионат Аҧсны амҩаҧгаразы аиҿкааратә еилакы аҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба 2016 шықәсазы ConIFA анапхгарала ашьапылампыл асразы Адунеи Ачемпионат Аҧсны амҩаҧгаразы аиҿкааратә еилакы алахәылаҩцәа дырҧылеит.
07.04.2016
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Есышықәсатәи аизараҟны иқәгылара
Аминистрцәа реилазаара акттә зал аҟны имҩаҧысуеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа есышықәсатәи аизара.
06.04.2016
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба иҧылара
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба диҧылеит.
05.04.2016
Иаҧҵоуп Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәазы Аҳәынқарратә комиссиа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәазы Аҳәынқарратә комиссиа аҧҵаразы Аусҧҟа.
05.04.2016
ААН Аныхатә Хеилак ахаҭарнакцәа рҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аиашахаҵаратә Ныха (ААН) ахаҭарнакцәа дырҧылеит.
05.04.2016
Руслан Қьышьмариа Леон иорден ианашьоуп
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иааирҧшыз агәымшәареи ахамеигӡареи рзы Руслан Ражьден-иҧа Қьышьмариа Леон иорден ианашьоуп.
04.04.2016
Аҧсны Жәлар Реизара ашҟа Ахада иҟаиҵаз Анашьҭымҭа аихшьалақәа рыла анапынҵақәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызку аилацәажәара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаҧигеит Аҧсны Жәлар Реизара ашҟа Анашьҭымҭа аихшьалақәа рыла анапынҵақәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкны.
04.04.2016
Иаҵаҩуп “Аусбарҭақәеи, ақалақьқәеи, араионқәеи, араионқәа рыҟны ақалақьқәеи рхадацәа рнапынҵақәа назыгӡо рзы” Аусҧҟа
Аҧсны Ахада инапы аҵаиҩит “Аусбарҭақәеи, ақалақьқәеи, араионқәеи, араионқәа рыҟны ақалақьқәеи рхадацәа рнапынҵақәа назыгӡо рзы” Аусҧҟа.
04.04.2016
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба “Ахьӡ-аҧша” аорден II аҩаӡара ианаишьеит
Аҧсны Ахада Иусбарҭаҟны имҩаҧысит Аҧсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба “Ахьӡ-аҧша” аорден II аҩаӡара ианашьара иазкыз аусмҩаҧгатә.
04.04.2016
Иаҧыхуп Аҧсны Ахада иҟны ауаҩы изинқәа рзы Амчнаӡазмоу имаҵура
«Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ауаҩы изинқәа рзы Амчнаӡазмоу изы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан амч аиура инамаданы, Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала 2016 шықәса лаҵарамза 4 инаркны иаҧихит Аҧсны Ахада иҟны ауаҩы изинқәа рзы Амчнаӡазмоу имаҵура.
03.04.2016
Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рахь усуратә визитла ацара
Рауль Ҳаџьымба аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рыҟны ибжьы анриҭа ашьҭахь усуратә визитла дырҭааит Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа.
03.04.2016
Рауль Ҳаџьымба аҭыҧантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рыҟны ибжьы риҭеит
Рауль Ҳаџьымба ибжьы риҭеит Аҟәа ақалақь абжьаратә школ №6 аҿы иҟоу алхратә округ №1 алхратә ҭыҧ №1 аҟны.
01.04.2016
Аҧснытәи анаплакыҩцәа рҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Анаплакыҩцәа рассоциациа анапхгареи абизнес ахаҭарнакцәеи дырҧылеит.
01.04.2016
Шьалуа Гыцба ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден II аҩаӡара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Шьалуа Ҷыф-иҧа Гыцба атеатртә ҟазараҟны илагаламҭа ду азы ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден II аҩаӡара
31.03.2016
Урыстәылатәи онлаин-платформа “Макрономика” ацәыргақәҵара
Аҧсны Ахада Рауль Хаџьымба даҭааит Урыстәылатәи онлаин-платформа “Макрономика” ацәыргақәҵара – аекспорт арҿиареи аимпортеимдареи рызҵаарақәеи, иара убас абизнес уаажәларраҟны ишиашоу аимадарақәа рышьақәыргыларазы алшареи ирызку аинформациа узҭо урыстәылатәи ааглыхҩцәа рырбагақәа иаку рбаза.