ЗҲӘА “НХЫҴКАВРЕНТГЕН-Д” анапхгара аҧылара

Рауль Ҳаџьымба идикылеит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟнытә арентгентә мыруга еилахәыра-аҭыжьҩцәа рхаҭарнакцәа – ЗҲӘА «Нхыҵкаврентген-Д» адиректор хада Бетал Хуштови ари аилахәыра адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Роман Пономаренкои.

Аиҧылара далахәын иара убас Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов.

Асасцәа аҳәынҭқарра Ахада ирдыруа, Андзор Гоов иазгәеиҭеит, ЗҲӘА «Нхыҵкаврентген-Д» Аҧсны араионтә хәышәтәырҭақәа, Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа, Ареспубликатә онкологиатә центри Гәылрыҧшьтәи арҧҳачымазарахәышәтәразы адиспансери рышҟа зхаҭабзиара ҳараку аренгтентә мыруга анагаразы Агәабзиарахьчара аминистрра аҿаҵамҭа қәҿиарала ишынанагӡаз атәы.

«Амыруга азырхиан ҳара иҟаҳҵаз аҿаҵамҭа ҷыдала, аҭыжьҩы идаҳгалаз ҳҭахрақәа инарықәыршәаны», - иҳәеит Андзор Гоов.

Аминистр иара убас иазгәеиҭеит, ҳазҭагылоу аамҭазы ауааҧсыра рчымазараҭҵаара зламҩаҧырго иеиҭаҵуа амедицинатә комплексқәа ЗҲӘА «Нхыҵкаврентген-Д» иҭнажьуа амыруагқәа рыла ишеибыҭоу.

Роман Пономаренко иҳәеит аҧсуа ҳақьымцәа аренгтентә мыруга ргәы иақәшәоит ҳәа игәы ишаанаго. «Ҳара аҧхьаҟагьы аус еицаҳаулоит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ҳазхиоуп ҳааглыхра Аҧсныҟа иааганы аргылара азҵаара алацәажәара», - иазгәеиҭеит иара.

Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит ЗҲӘА «Нхыҵкаврентген-Д» анапхгара зхаҭабзиара ҳараку амыругазы, иагьазгәеиҭеит аҧхьаҟагьы аусеицура дшазхиоу.


Возврат к списку