Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ашәарҭадаратә Хеилак аилатәара

26.08.2015

Аҟәа, 10.00

Ҳазҭоу ашықәс, нанҳәа 25 рзы Аҧсны Аҵәахырҭабанк Гагратәи аҟәша иақәланы арҳәра иҟалаз иазкын Ахада хантәаҩра ззиуаз Ашәарҭадаратә Хеилак аилатәара. Иазыӡырҩын Аҩныҵҟатәи аусқәа рминситр Беслана Ҳагба абри ацәгьаура аҭҵаара амҩаҧысшьа иадҳәалаз иажәахә.

Рауль Ҳаџьымба азинхьчаратә усбарҭақәа рнапы ианиҵеит хара имгакәа ацәгьоура аартразы ҳәоуеиқәшәарыла аусеицура арҕәҕәара.

Ахада иара убас адҵа ҟаиҵеит изакәанымкәа ихысуа абџьар аныҟәгара аҧыхра иазку апрофилактикатә усмҩаҧгатәқәа рынагӡаразы.

Иеиҿкаахо усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧысшьа хылаҧшра аҭара идҵоуп Ашәарҭадаратә Хеилак Амаӡаныҟәгаҩы Муҳаммад Кьылба.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org