13.08.2015
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Фидель Кастро Имшира идиныҳәалеит.
"Акоманданте Фидель Алехандро Кастро Рус!
Азин сышәҭ гәык-ҧсыкала Шәымшира шәыдныҳәалара!
Адунеи зегьы аҟны Шәара шәырдыруеит заҳаҭыр ҳараку аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы иаҳасабала. Шәлагаламҭа дуӡӡоуп Куба ахьыҧшымреи амилаҭтә ҿиареи рышьақәырҕәҕәараҟны.
Иаҳа ианыуадаҩыз аамҭақәа раан Куба ажәлар рыхьӡала Шәара иаашәырҧшыз ахачҳареи агәаҕьреи Аҧсадгьыл амаҵзуразы ҿырҧшыга дуны иҟоуп.
Ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, ақәра ду, Куба ажәлар зегьы – аҭынчреи аизҳазыҕьареи!"