Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

“Урыстәылатәи Ахәыҷтәы Фонд” анапхгаҩы Альберт Лиханов иҧылара

17.06.2015

Аҟәа, 13.00

Рауль Ҳаџьымба диҧылеит Урыстәылазеиҧштәи ауаажәларратә гәыҳалалратә фонд “Урыстәылатәи Ахәыҷтәы Фонд” анапхгаҩы Альберт Лиханови жәларбжьаратәи аусқәа рзы уи ихаҭыҧуаҩы Дмитри Лиханови.

Аиҧылараан ирылацәажәан Аҧсны агәыҳалалратә еиҿкаара «Аҧсуа Хәыҷтәы Фонд» аҧҵара.

Альберт Лиханов Ахада иеиҳәеит уанӡа Аҧсны ишыҟаз аусгьы шауаз зегьеидгылоутәи Ахәыҷтәы Фонда афилиал.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит, абас еиҧш иҟоу аҧшьгарақәа ирымоу аҵакы ду, урҭ хымҧада аҳәынҭқарра аганахьала адгылара шроууа. Ахада ахә ҳаракны ишьеит аибашьра ашықәсқәа раани аибашьра ашьҭахьи “Урыстәылатәи Ахәыҷтәы Фонд” иҟанаҵоз ацхыраара.

Иара убас аиҧылара иалахәыз алацәажәеит иеицхырааны Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы библиотека аиҭашьақәыргыларазы алшара аҧҵара, ирыхцәажәеит ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара азҵаарақәагьы.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара агәыҳалалратә еимадарақәа рҵакы ду.

Аиҧылара далахәын иара убас Ахада Иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org