Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа дырҧылеит

15.07.2015

Рауль Ҳаџьымба Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа дырҧылеит.

Аиҧылара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩы Витали Габниа, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩы Шамиль Аӡынба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Асҭамыр Ҭаниа, Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩыӡба.

Иалацәажәеит Аҿартә политика анагӡаразы иааизакны иҟоу азнеишьақәа, убрахь иналаҵаны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭеилакы ацентртә аппарати араионтә ҟәшақәеи реизыҟазаашьақәа реиҭахәаҧшра.

Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Алиас Аҩыӡба ҷыдала иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра Ахада аҿартә политиказы хазы аусбарҭа аҧҵаразы идикылаз аӡбамҭа даҽазнык атәыла анапхгара ари азҵаара зҿлымҳара ду шарҭо атәы шаҳәо. Алиас Аҩыӡба Ахада изеиҭеиҳәеит Аҳәынҭеилакы анаҧҵаз аахыс аусуреи азҧхьагәаҭақәеи, аҧхьаҟатәи апроектқәеи ртәы.

Аиҧылара иалахәыз алацәажәеит аҿартә политиказы Ахеилак Ахада иҟны аҧҵаразы алшара атәы. Ажәалагала ҟаҵан алкоголтә рыжәтәи аҭыҭын аалыҵи 18 шықәса зхымҵыҵ раархәара рақәиҭымтәразы азакәанапроект азырхиареи Жәлар Реизараҟны ақәыргылареи рзы. Ахада иазгәеиҭеит аҿар аҳәынҭқрратә ргылара апроцесс ралархәра акры шаҵанакуа. «Аҿартә политика ауаа еиднакылароуп, даҽакала акәымкәа», - иҳәеит иара. Аҳәынҭқарра Ахада дадгылеит аҿартә политиказы Ахеилак аҧҵара аидеиа, иаҵшьны иҳәеит уи азҵаарақәа жәпакы рылацәажәареи рыӡбареи рзы усбарҭа бзихоит ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба ибзианы ахә ишьеит Аҳәынҭеилаки Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентри еидгыланы аҿартә политика аҿиара астратегиа аҧҵаразы имҩаҧырго аусура.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org