Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахадеи Аҧсны аерманцәа Реидгылеи реиҧылара

15.07.2015

Аҟәа, 16.00

Рауль Ҳаџьымба Аҧсны аерманцәа Реидгыла анапхгареи ахаҭаранкцәеи дырҧылеит. ,br>

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит аетностә уаажәларрақәа зегьы рхаҭарнакцәа аҳәынҭқарра аргылара аус ралархәра иамоу аҵак ду.

Ахада ҷыдала иазгәеиҭеит аерман уаажәларра ахаҭарнакцәа 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны инарыгӡаз ароль : «Аҧсны аерманцәа иаҳзеиҧшу Ҳаҧсадгьыл ахақәиҭтәра активла иалахәын, иахьагьы атәыла аҭынч ҧсҭазаараҟынгьы иара убас активла иалахәызароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит».

Жәлар Реизара адепутат Вагаршак Косиан иазгәеиҭеит, аерман уаажәларра рхаҭарнакцәа атәыла ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаара, аекономика арҿиара активла ишалахәу, убри аан аерман жәлар зинеиҟарала ҳуаажәларра иахәҭакны ишыҟоу.

Аерманцәа Реидгыла Ахантәаҩы Хачик Миносиан аҳәынҭқарра Ахада агәра ииргеит аерман уаажәларра Аҧсны аизҳазыҕьара иазку аусқәа рымҩаҧагара ишазыхиоу. «Ҳара хықәкыс иҳамоуп ауаажәларра ракра, Аҧсны иашьагәыҭу ажәлар рыцынхара», - иацҵаны иҳәеит иара.,br>

Жәлар Реизара Адепутат Левон Галустиан ҷыдала иазгәеиҭеит Ахада ироль Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа еибашьцәа аҧхасҭа зырҭаз Асовет Еидгыла Афырхаҵа Арутиун Чакриан ибиуст аиҭашьақәыргылара аус аҟны. Уи адепутат иаҧшьгарала Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз афинанстә цхыраарала иеиҭашьақәыргылан иагьаартын ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза 7 рзы Гәмысҭа ақыҭа абжьаратәи ашкол ашҭаҿы.

Левон Галустиан иара убас иазгәеиҭеит, аерманцәа зегьы рзы акры шаҵанакуа 1915 шықәсазы иҟаз атрагедиатә хҭысқәа рышықәс инақәыршәаны имҩаҧгаз алахьеиқәратә усмҩаҧгатәқәа аерманцәа реиҧш Аҧсны жәлар зегьы ахьалахәыз. “Ҳара ҳзы аҵакы рацәоуп, раҧхьаӡакәны ҳҳәынҭқарра Ахада официалла Аҧсны иқәынхо аерман милаҭ рганахьала адышшылара ҵакы змаз ааҧхьара иҟаиҵаз”, - иҳәеит Левон Галустиан.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org