Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Иаҧҵоуп аҧсабаратә рыцҳарақәа раҧыхразы Акомиссиа

11.07.2015

Аҟәа, 14.00

Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит ҧхынгәымза 11, 2015 шықәсзы иҟалаз аҧсабаратә рыцҳарақәа раҧыхреи аҧхасҭа иҟанаҵаз ашьақәыргылареи ирызку Акомиссиа аҧҵаразы адҵа.

Акомиссии аилазаара иалалеит: 

Амқәаб А.А. – Аҧсны Аҳәынҭқарра аҧыза-министр – Акомиссиа ахантәаҩы;
Қәаранӡиа А.А. – Аҧсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистр;
Кәыҵниа Л.К. – Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистр; Ҳаразиа А.Р. – Аҟәа ақ. аусбарҭа ахада;
Аҩыӡба Б.Ш. - Аҟәа араион аусбарҭа ахада;
Басариа А.Г. - АУН «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада;
Лолуа Л.И. - АЕ «Аҧсныавтомҩа» адиректор хада;
Харчлаа М.М. - АН «Аҧсныаҿықәхьчара» адиректор хада.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org