12.07.2015
Рауль Ҳаџьымба Адыгатәыла Ахада Аслан Ҭҳакушинов Имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
«Шәара шәыпрофессионализм, шәнапы иану арегион аҟны иҟоу апроблемақәа инарҵауланы рдырра акыр ихәарҭаны иҟалеит ареспублика асоциал - економикатә ҿиараҟны, Адыгатәыла ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәраҟны, реизҳазыҕьараҟны.
Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны шәара ҳаҭыр дула ишәзыҟоуп, Шәара аҟәыҕара змоу аполитики аҧышәа змоу анапхгаҩи иаҳасабала шәшырдыруагьы. Ҳара ҳажәлар ахә ҳаракны иршьоит Аҧсни Адыгатәылеи риашьаратә жәларқәа ргәылаеимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи рырҿиареи аус аҟны Шәара хаҭала шәлагаламҭа ду».
Шәахәаҧш иара убас:
А.К.Ҭҳакушинов,
Адыгатәыла Ахада ишҟа