Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада аҧсуа АИХ рнапхгаҩцәа ириҭаз аинтервиу

08.07.2015

Рауль Ҳаџьымба аҧсуа массатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәа аҩныҵҟатәи аҭагылазаашьеи аҧсуа-аурыс еизыҟазаашьеи рызҵаарақәа ирызкыз аинтервиу риҭеит.

Агазеҭқәа «Республика Абхазия», «Чегемская правда», «Нужная» рредақторцәеи ААТЕ адиректор хадеи ателеканал «Абаза-ТВ» адиректор хадеи рыҿцәажәараҟны ирылацәажәеит аҩныҵҟаполитикатә ҭагылазаашьаҟны иахьа ихадараны иқәгылоу азҵаарақәа, аекономика аҿиара, аиҳабыреи аоппозициеи рыбжьара адиалог, аконституциатә реформа амҩаҧысшьа,аҧсуа аурыс еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу ганқәак уҳәа актуалра злоу атемақәа.

Рауль Ҳаџьымба дахцәажәеит Аҧсни Урыстәылеи Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рзы аинформациатә-координациатә центр иазку аиқәшаҳаҭра апроект аус адулара шымҩаҧысуа атәы, иҳәеит 2016 шықәсазтәи абиуџьет ашьақәыргыларазы знеишьа хадақәас иҟоу.

Аинтервиу ателехкы ҭыҵуеит уаха ААТЕи «Абаза-ТВ» аефир аҟны.

Аинтервиу хаҭәааны ианылоит Аҧсны Ахада иофициалтә саит аҟны.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org