02.07.2015
Аҧсны аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара еиҕьны аиҿкааразы
Аҧсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара еиҕьны аиҿкааразы:
1. Иркьаҿзааит Аҧсны аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рцентртәии аҭыҧантәии аусбарҭақәа иара убас Аҧсны аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа абри Аусҧҟа амч анаиу арыцхә аан иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны 15 процент иреиҵамкәа, 2015 ш. нанҳәа мза 17-нӡа ҳәа аҿҳәара зыҭаны ишьақәыргылоу Аҧсны абиуџьеттә система иаҵанакуа абиуџьет ала зхы ныҟәызго, абри Аусҧҟа 2 апункт аҟны иабоу аҳәынҭқарратә напхгара ацентртә усбарҭақәа аламҵакәа.
2. Аҧсны Ашәарҭадаратә хеилак Амаӡаныҟәгаҩ ишьақәыргылоу аҧҟарақәа инарықәыршәаны еиқәшаҳаҭрала Аҧсны Атәылахьчара аминистрра, Аҧсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзурақәа, Аҧсны Ахада иҟны иҟоу Аиҳабыратә еимадарақәа русбарҭақәа, Аҧсны аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзурақәа рзы 2015 шықәса ҧхынгәы 21-нӡа рыштаттә хыҧхьаӡара еиҕьны аиҿкааразы ажәалагалақәа идгалатәуп.
3. Аҧсны аҧыза-министри Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩи ишьақәыргылоу аҧҟара инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара аппарати Ахада Иусбарҭеи рыштаттә хыҧхьаӡара аркьаҿразы ажәалагалақәа рыдгалатәуп абри Аусҧҟа амч анаиу арыцхә аан иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны 15 процент иреиҵамкәа, 2015 ш. ҧхынгәымза 21-нӡа ҳәа аҿҳәара зыҭаны ишьақәыргылоу.
4. Ишьақәыргылазааит, абри Аусҧҟала иазҧхьагәаҭоу Аҧсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи рыштатә хыҧхьаӡара еиҕьны аиҿкаара иалҵшәаны зхы иақәиҭхаз абиуџьеттә ҧаразоужьрақәа, аџьаҧсахәы азшәареи аџьаҧсахәы ашәаразы ашәатәы ахыҧхьаӡаларақәеи дәықәҵахоит ҳәа иарбоу аусбарҭақәеи аусҳәарҭақәеи русзуҩцәа (рмаҵзурауаа) рматериалтә гәазҭаҵарахьы.
5. Абри Аусҧҟа 1,2 апунктқәа рыҟны иарбоу аусбарҭақәеи аусҳәарҭақәеи рнапхгаҩцәа ишьақәыргылоу аҧҟара инақәыршәаны иаздырхиааит иагьышьақәдырҕәҕәааит аусзуҩцәа (амаҵзурауаа) русура ахаҭабзиара ахәшьара ашәагақәа.
6. 2015 ш. нанҳәамза 17 ирхымгакәа Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аус аднаулааит ишьақәыргылоу аҧҟара инақәыршәаны иазнархиааит иагьышьақәнарҕәҕәааит абиуџьеттә ҟәша иаҵанакуа аусзуҩцәа рџьаҧсахәы азшәаразы аҟәшатә система.
7. Аштатә хыҧхьаӡара аиҕьтәра аиҿкаара амҩаҧгаразы, ахы ақәиҭтәразы аҵаҵҕәқәа рхархәаразы дасу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аусҳәарҭақәеи рнапхгаҩцәа хаҭала аҭакҧхықәра рыдҵазааит.
8. Абри Аусҧҟа анагӡара хылаҧшра идҵазааит Аҧсны аҧыза-министр, Аҧсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаӡаныҟәгаҩ, араионқәеи Аҟәа ақалақь аусбарҭақәа рхадацәеи.
АХАДА
Р. ҲАЏЬЫМБА
Аҟәа ақ.
Ҧхынгәы 01, 2015 шықәса
№ 370-рп