26.06.2015
Рауль Ҳаџьымба Евгени Максим-иҧа Примаков иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
Адышшыларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
"Идунеи иҧсахит зымҽхак дуӡӡаз ауаҩы: иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, аҵарауаҩ ду, заҳаҭыр ҳаракыз аполитик, адипломат. Евгени Максим-иҧа Урыстәыла дапатриот дуун, Урыстәыла ҳазҭагылоу аамҭазы ашьақәгылараҟны злагаламҭа дуу, зыҧсҭазаара аурыс жәлар рымаҵ аура иазкыз ҳәынҭқаррауаҩын.
Евгени Максим-иҧа ибзианы идыруан Аҧсны, иуадаҩыз Нхыҵкакавказ апроблемақәа ибзианы дақәшәаны аилкаара илшон. Ҳаҭырла иеизыҟан иполитикатә усура хациркаанӡа Евгени Примаков инапхгара аҵаҟа СССР АР Мрагылара аинститут аҟны аус зуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынбеи иареи".
Е. М. Примаков иуацәеи иҭынхацәеи шәахь
Гәалсра дула ирыдыркылеит Аҧсны Евгени Максим-иҧа Примаков иҧсҭазаара дшалҵыз азы ажәабжь.
Идунеи иҧсахит зымҽхак дуӡӡаз ауаҩы: иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, аҵарауаҩ ду, заҳаҭыр ҳаракыз аполитик, адипломат. Евгени Максим-иҧа Урыстәыла дапатриот дуун, Урыстәыла ҳазҭагылоу аамҭазы ашьақәгылараҟны злагаламҭа дуу, зыҧсҭазаара аурыс жәлар рымаҵ аура иазкыз ҳәынҭқаррауаҩын.
Евгени Максим-иҧа ибзианы идыруан Аҧсны, иуадаҩыз Нхыҵкакавказ апроблемақәа ибзианы дақәшәаны аилкаара илшон. Ҳаҭырла иеизыҟан иполитикатә усура хациркаанӡа Евгени Примаков инапхгара аҵаҟа СССР АР Мрагылара аинститут аҟны аус зуаз Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынбеи иареи. Гәыхьла срыдышшылоит ацәыӡ ду зауз Евгени Максим-иҧа Примаков иуацәеи иҭынхацәеи, аурыс жәлар зегьы.
Рауль Ҳаџьымба