22.06.2015
Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит аҧыза-министр Артур Амқәаб аусура иазкыз иҧылара.
Иалацәажәан аҳәынҭқарратә напхгарҭақәа русбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рыштаттә хыҧхьаӡара аиҕьтәра иазкыз ажәалагалақәа разырхиаразы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны рашәарамза 3 рзы Ахада иҟаиҵаз адҵа шымҩаҧысуа атәы.
Артур Амқәаб иазгәеиҭеит хара имгакәа Аиҳабыра Аҳәынҭқарра Ахада иҿаҧхьа имҩаҧгоу аусуразы ҳасабырбара шыҟарҵо атәы.