Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Бендертәи атрагедиа инамаданы Приднестровиа Ахада Евгени Шевчук ишҟа ацҳамҭа

19.06.2015

Рауль Ҳаџьымба Бендертәи атрагедиа 23 шықәсахыҵра инамаданы Приднестровиа Ахада ишҟа ацҳамҭа дәықәиҵеит.

Ацҳамҭаҟны иҳәоуп:

"Рашәарамза 19 Приднестровиа аҭоурых аҟны илахьеиқәҵагоу рыцхәуп. 1992 шықәса рашәарамзазы Бендеры ақалақь аҟны иҟалаз ахҭысқәа Приднестровиа ажәлар ргәалашәараҟны наунагӡа иаанхоит ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы хамеигӡарада ақәҧаразы иҿырҧшыганы.

Аибашьра зхызгаз, зықьҩыла иреиҕьу зҵеицәа зыцәҭахаз Аҧсны жәлар приднестровтәи ҳашьцәа рхьааи ргәырҩеи рыцеиҩыршоит иахьа.

Фырхаҵарыла ақалақь Бендерыи зтәылеи аиқәырхара зылшаз Приднестроваа рџьынџь аҟны анхара, аҿиара, рхала рҧеиҧш аҳәаақәҵаразы азин шрымаз шьақәдырҕәҕәеит".

Бендертәи атрагедиа инамаданы Приднестровиа Ахада

Евгени Шевчук ишҟа ацҳамҭа

Иаҳаракыра Е. В. Шевчук,

Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада ишҟа

Ҳаҭыр зқәу Евгени Васили-иҧа!

Гәалсрыла срыдышшылоит Приднестовиа ажәлар зегьы гәырҩеи хьаалеи иҭәу ари амш аҽны.

Рашәарамза 19 Приднестровиа аҭоурых аҟны илахьеиқәҵагоу рыцхәуп. 1992 шықәса рашәарамзазы Бендеры ақалақь аҟны иҟалаз ахҭысқәа Приднестровиа ажәлар ргәалашәараҟны наунагӡа иаанхоит ахақәиҭреи ахьыҧшымреи рзы хамеигӡарада ақәҧаразы иҿырҧшыганы.

Аибашьра зхызгаз, зықьҩыла иреиҕьу зҵеицәа зыцәҭахаз Аҧсны жәлар приднестровиатәи ҳашьцәа рхьааи ргәырҩеи рыцеиҩыршоит иахьа.

Фырхаҵарыла ақалақь Бендерыи зтәылеи аиқәырхара зылшаз Приднестроваа рџьынџь аҟны анхара, аҿиара, рхала рҧеиҧш аҳәаақәҵаразы азин шрымаз шьақәдырҕәҕәеит".

Хашҭра рықәымзааит иҭахаз! Аҭынчра, аманшәалара рзеиҕьасшьоит Приднестровтәи ҳаиашьаратә жәлар.

Рауль Ҳаџьымба


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org